Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ҳашба ахыци ахәымпали рзы: ҳабдуцәа идырххоз аус ахьсырҿыцуа агәылацәа аигәырӷьеит

© Sputnik / Томас ТхайцукԤақәашь ақыҭан инхо, абжьаратә школ аҟны абаҩрҵәыра арҵаҩыс аус зуа Баҭал Ҳашба
Ԥақәашь ақыҭан инхо, абжьаратә школ аҟны абаҩрҵәыра арҵаҩыс аус зуа Баҭал Ҳашба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ԥақәашь ақыҭан инхо, абжьаратә школ аҟны абаҩрҵәыра арҵаҩыс аус зуа Баҭал Ҳашба Sputnik иазеиҭеиҳәеит дышхыцуаҩхаз, ахыци ахәымпали рыҟаҵашьа шиҵаз.
Ҳашба ахыци ахәымпали рзы: ҳабдуцәа идырххоз аус ахьсырҿыцуа агәылацәа аигәырӷьеит

"Аҵара аминистр иҟаиҵаз ажәалагала ҳбеит ахыци ахәымпали ажәытәан аԥсуаа рхы иадырхәон ҳәа, иара убас араионтә спартакиадақәа рҟны иаларгалеит. Хәыҷык анапҟазара схы азцоит, исзыҟаҵозар ҳәа аинтернетгьы схы иасырхәеит. Адыӷаҷа ҳәа азаҳҳәоит ашҭақәа зларыԥссо аҩымсаг. Иаҳа иҟәазу амза аҭәымҭазы, аҵла аӡы аналам ҳәа амҿы анԥырҟо иакәыршәаны илхтәуп. Шықәсыбжак ашәшьыр аҟны ирҩатәуп. Уи ашьҭахь аус адуулар ҟалоит, ицәны аҽҵыхәала еидырхәалоит досу ишизгьамоу ала. Аԥхьаҟа амжәаҵла иалхны иҟасҵарц ауп. Аҽҵыхәа ҳәа ҳхы иаҳархәо абырфын ауп. Уахык сахьынатәо сааҭки бжаки рыла сахьынатәо иҟасҵоит, егьи ауха анапкыра аус адызулоит. Амаҭәахә мазеизар мышкала иҟауҵоит ахәымпал, иуадаҩу иаҳа ахыцқәа рыҟаҵара ауп", - иҳәеит Ҳашба.

Ихыцуаҩхаз ԥақәашьтәи арҵаҩы: Баҭал Ҳашба иҭоурых

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0