Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Габуниа еиҭеиҳәеит "Князь Владимир" Аҟәа асқьалаҿы ааиразы ицо аусура атәы

© SputnikАдамыр Габуниа
Адамыр Габуниа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҳәынҭқарратә еилахәыра "Аԥсны амшынӷбарныҟәара" аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Адамыр Габуниа арадио Sputnik Аԥсны иаиҭаз аинтервиу аҿы иҳәеит акруизтә ӷба "Князь Владимир" Аҟәа амшынтә баӷәазахь ааиразы имҩаԥгоу аусурақәа ртәы.  
Габуниа еиҭеиҳәеит "Князь Владимир" Аҟәа асқьалаҿы ааиразы ицо аусура атәы

"Аӷба "Князь Владимир" 2020 шықәса рзы раԥхьатәи акоммерциатә ныҟәара азгәаҭоуп, Амшын еиқәа рыкруизтә план ишарбоу ала, мызкахь знык ҳәа. Аԥсшьаҩцәа рхыԥхьаӡара еиҳахар, иаҳа лассы-лассы аара азгәаҭоуп. Аӷба иалшоит 500-600-ҩык аԥсшьаҩцәа рыдкылара, амаршрут акәзар, ааигәа азҵаара алацәажәара ҳалагеит, макьана еилкаам иара шеиҿкаахо. Иахьазы еиҭа ашәарҭадареи аҳәынҭқарратә конроли ирыдҳәалоу азҵаарақәа рыӡбара ҳаҿуп. Ари аус аекономика уаналацәажәо, раԥхьа иргыланы иаауа аӷба еиуеиԥшым ацхыраагӡатә усқәа иадҳәалоуп. Аминистрра реилазаара ақәҵара ишаҳәо ала, еиуеиԥшым апорт шәахтәқәа ршәароуп. Аҟәа ақалақь амшынтә баӷәаза акәша-мыкәша иҟоу аобиектқәа – акафе, аресторанқәа рҭагылазаашьа иаҳа еиӷьхароуп. "Князь Владимир" ааиразы имҩаԥгахо аусқәа иара егьырҭ аӷбақәагьы Аҟәатәи амшынтә баӷаза ркыдгыларазы ихәарҭоуп", - ҳәа азгәеиҭеит Габуниа.  

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0