Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Карчаа аԥкьаҭымпылтә еицлабразы: уеизгьы ҳгәыӷуеит иааирақәак ҳгап ҳәа

© Sputnik Беслан Карчава
Беслан Карчава - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Астолтә ԥкьаҭымԥыл азы афедерациа ахада Беслан Карчаа арадио Sputnik аҟны иҳәеит Аҟәа имҩаԥысраны иҟоу Жәларбжьаратәи атурнир иалахәхо, аспортсменцәа разыҟаҵара атәы.
Карчаа аԥкьаҭымпылтә еицлабразы: уеизгьы ҳгәыӷуеит иааирақәак ҳгап ҳәа

Нанҳәа 22-24 рзы астолтә ԥкьаҭымпыл азы а-ХII-тәи Жәларбжьаратәи аицлабра мҩаԥысраны иҟоуп Аҟәа Багаԥшь ихьӡ зху аспорттә хан аҟны. Уи еиҿыркаауеит Абҩарҵәыреи аспорти рзы аҳәынҭқарратә еилакыи Астолтә ԥкьаҭымԥыл азы афедерациеи. Атурнир Астолтә ԥкьаҭымԥыл азы афедерациа раԥхьатәи ахадас иҟаз Омар Кәарҷиа игәалашәара иазкуп.

"Жәаҩа шықәса ирылагӡаны аицлабрақәа зхы рылазырхәхьоу аспортсменцәа рацәаҩуп. Сынтәа заанаҵы иаақәазгьы ыҟоуп, аицлабрақәа мҩаԥысаанӡа рыԥсы ршьоит. Иҟоуп Ростовтәи аобласт аҟынтәи акоманда, Аахыҵ  Уаԥстәылантәи иаараны иҟоуп, Ҟабарда-Болкариантәи аспортсменцәа, Ставрополь, Краснодартәи атәылаҿацә, Москва, Санкт-Петербург рҟынтәи. Ҩынҩажәаҩык инареиҳаны  рхы шаладырхәо азы ақьаадқәа аарышьҭит, иааизакны шаҟаҩы алахәхо аицлабрақәа раан иаҳбоит. Ахацәа рыбжьара имҩаԥысуеит аицлабрақәа, ҳаспортсменцәагьы рыҩаӡара ҳаракуп, аха уи азхом, избанзар иаауа рыбжьара спорт азҟазацәа иара убас  жәларбжьаратәи акласс змоу  ыҟоуп. Уа аӡәы уииааиргьы, ҽаӡәы иааира уадаҩуп, аха ҳгәыӷуеит уеизгьы иааирақәак ҳгап, ишыҟало ҳбап", - иҳәеит Карчаа.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0