Геннади Гагәылиа акыр аамҭа аус ицзухьаз, аамҭак азы Ахәаахәҭра- ааглыхратә палата ахада ихаҭыԥуаҩыс иҟаз Адгәыр Лышәба арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны игәалаиршәеит апалата аиҿкаара шыҟалаз, иусура дшазыҟаз.
Аҳәынҭқарратә акәашаратә ансамбль "Кавказ" асахьаркыратә напхгаҩы Арвелод Ҭарба алхрақәа рнаҩс иҵегьы ҳаиӷьхап ҳәа иҳәеит Sputnik акорреспондент даниҿцәажәоз.
Цәыбрра 8 рзы Аԥсны имҩаԥысуеит Аҳәынҭқарра ахада иалхрақәа аҩбатәи ртур. Алхрақәа ирыдырҳәало ргәыӷрақәа ртәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит алхыҩ Даур Инаԥшьба.
Лыхнытәи 16 алхырҭатә ҭыԥ хада алхратә комиссиа ахантәаҩы Асҭамыр Бганба арадио Sputnik аефир аҟны иҳәеит аҩбатәи атур аҟны 80 процент рҟынӡа алхыҩцәа абжьыҭара рхы аладырхәып ҳәа агәыӷра шыҟоу.