"Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада иалхрақәа рзы" азакәан ахәҭаҷ 19 иалацәажәон адырраҭара " Коӷониаԥҳа лымҩаду" аҿы. Гал ақалақь ахада Ҭемыр Надараиа иажәақәа рыла, азакәан аҿы иҟаҵаз алагаларақәа- азакәан аҵакы аԥсахит.
"Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада иалхрақәа рзы" азакәан 19 ахәҭаҷ иазааҭгылан адырраҭара "Коӷониаԥҳа лымҩаду" аҿы. Аԥсны Жәлар Реизара адепутат Баҭал Табаӷәуа иазгәеиҭеит азакәан аҿы иԥсахыз ахәҭақәа шраку, ахшыҩҵак- шаанхаз.
Ахысразы иаарту аицлабра аиҿкааҩ, аӡбаҩ хада Ерсҭоу Ақәраа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит ашәарыцаҩцәа рыбжьара аицлабра анымҩаԥырго, уи иалахәхо, ԥҟарас изықәныҟәо.
Гәылрыԥшь араион аҿы еиҿкаау агрофирма "Кәыдры" сынтә рҽаҩра зеиԥшроу, уадаҩрақәас ирымоу, насгьы аҭыԥантәи аџьармыкьа ҵәала иахьынӡеиқәдыршәо атәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит агрофирма анапхгаҩы Ныгәзар Чагәаа.