Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Манаргиа: ақыҭаҟны унхоны ԥшык узыламкәа, рахәык уашҭа иҭамкәа-ԥсҭазаарам

© Гьаргь (Жора) Манаргиа иархив аҟнытәТҟәарчал араион Аҟәарчаԥан ақыҭан инхо Гьаргь Манаргиа
Тҟәарчал араион Аҟәарчаԥан ақыҭан инхо Гьаргь Манаргиа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Тҟәарчал араион Аҟәарчаԥан ақыҭан инхо Гьаргь Манаргиа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит сынтәа иџьықәреи аҽаҩра зеиԥшроу атәы.
Манаргиа: ақыҭаҟны унхоны ԥшык узыламкәа, рахәык уашҭа иҭамкәа-ԥсҭазаарам

"Ҳәара аҭахума, ақыҭараҟны зегьы анапы рҭахуп, ахала акгьы ҟалом. Аџьықәреи аарыхра аҭахуп, аха иаԥырхагоу ахәаҷа-маҷақәагьы ыҟоуп, сара хаҭала ахәшә ақәҭәаны исҭахым аџьықәреи, амала арҵәыга хәыҷык асҭоит, аха аиҳарак ауац аҵасԥсоит, ус зыҟасҵо уи ауп- арҵәыга (аселитра) хәыҷык аумҭар алаԥҟьа зҿалом. Аарҩара иаҳа аҽарӷәӷәо иалагеит ес-ԥхынра, аха ақыҭаҟны уҟазар, урахә ыҟазароуп, уԥҳә, уҭәа, ажәакала аӡынразы аҟашәа умазароуп. Ҳҽаҩра сынтәа ҳҵәыуартә иҟам, хар амам. Ақыҭаҟны инхо ауаҩы ԥшык сзыламкәа, рахәык сашҭа иҭамкәа - ԥсҭазаароуп ҳәа исзыԥхьаӡом", - иҳәеит Манаргиа.

Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0