Арахә ишәарҭоу ачымазарақәа рацәыхьчаразы шықәсык ахь ҩынтә алаҵақәа рымҩаԥгара аҭахуп ҳәа азгәеиҭеит арадио Sputnik аҟны Аԥсны аветеринартә маҵзура аиҳабы Роман Џьапуа.
Гәдоуҭа араион ақыҭанхамҩа аҟәша аиҳабы Иура Кәарцхьиа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны иҳәеит Лыхнашҭа сынтәа ҽаҩраҭагалара аныҳәа анымҩаԥысуа, рыҽшазыҟарҵо.
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан Гагра араион ахақәиҭтәразы ажәылара арадио Sputnik аефир аҟны игәалаиршәеит Пицундатәи абаталион Лӡаатәи арота адҵаҟаҵаҩ Џьон Дбар.
Sputnik аколумнист Есма Ҭодуаԥҳа арубрика "Жәлар рдоуҳа" аҿы дрылацәажәеит аҿар ақыҭаҿы аанхара зырҭахым мзызқәа.