Аполитикеи, аекономикеи, акультуреи, асоциалтә ԥсҭазаареи ирызку иактуалтәу атемақәа ҳрылацәажәауеит, аимак-аиҿак зхылҿиауа азҵаарақәа шьҭаҳхуеит. "Коӷониаԥҳа лымҩаду"илыцануп ҳаԥсҭазаараҿы иҟалало ахҭысқәа рзы еиуеиԥшым агәаанагарақәа змоу ауаа.
Аҿар аррамаҵзурахьы ианнарыԥхьо амедицинатә комиссиа ихьахысуа атәы арадио Sputnik аефир аҟны далацәажәеит Аԥсны ареспублика ар ркомиссар, аполковник Беслан Ҭарба.
Аԥсны асасааирҭақәа ргильдиа ахада Асҭамыр Ахба арадио Sputnik аефир аҟны атуристтә наплакқәа русураҟны иахьазы ирымоу аиҵахарақәа зыхҟьо ртәы далацәажәеит.
Гагра араион ахада ихаҭыԥуаҩ Геннади Ҵәыџьба арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит ақырҭуа мпыҵахалыҩцәа рҟынтә Аԥсны мраҭашәаратәи араион ахақәиҭтәра 27 шықәса ахыҵра сынтәа ишазгәарҭо, усҟан игаз аиааира аҵакы атәы.
Арадио Sputnik Аԥсны арубрика "Аҭоурых иагәылаҵәаху" аҟны шәара еилышәкаар ауеит ҳмузеиқәа рҟны иӡыргоу аекспонатқәа, амаҭәарқәа иеиҭарҳәо аҭоурых атәы.