Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Сақаниаԥҳа: Италиа сахьынхо Аԥсны сыҟоушәа сгәы иабоит

© Фото : предоставлено Аидой СаканияАида Сакания
Аида Сакания - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Италиа инхо Аида Сақаниаԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит аныҳәақәа ишырԥыло, лыԥшәма итәылеи Аԥсныи ахьынӡеиԥшу ртәы.
Сақаниаԥҳа: Италиа сахьынхо Аԥсны сыҟоушәа сгәы иабоит

"Ишыжәдыруа еиԥш Италиа афатә даара ихаауп, хкы-хкыла ирымам ыҟам. Сара еиҳарак ара ачашә ҟасҵоит, уамакала иргәаԥхоит сабхәа иҭаацәараҟны. Убасгьы иҟасҵоит ачаԥақәа, абысҭа акәзар даргьы иҟарҵоит, полента ҳәа иашьҭоуп. Ҳара ҳаиԥш ашә, акәац адыркылоит. Аныҳәақәа раан аиҭанаиааирақәа ыҟоуп, аха агәылацәа, ауацәа зегьы еибымҳәакәа инеиуа иҟамзар акәхап. Араҟа еибыҳәаны еиҭанаиааиуеит, сасра ишнеиуа заанаҵы адырра ҟарҵоит", - лҳәеит Сақаниаԥҳа.

Лара иазгәалҭеит Италиа инхо аԥсуааи лареи еиҳарак иахьеибабо Аԥсны шакәу.

"Сара сахьынхо амегополис иацәыхароуп, сыԥшәма аӡиаҵәа Гарда азааигәара дынхоит. Аԥсуаа ара аӡәы дыҟаны исмаҳацт. Сахьынхо Аԥсны сыҟоушәа сгәы иабоит, даҽа бызшәоуп акәымзар, егьыс ауаа рхымҩаԥгашьа, ргәыбылра ҳаиԥшуп. Ахәыҷы дсыманы адәахьы сандәылҵуа илацәажәоит, илыцхәмаруеит. Ауаа даара ргәы аартуп, Аԥсны сыҟоушәа  сгәы иабоит", - лҳәеит Сақаниаԥҳа.

Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны аефир.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0