Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Аҩӡба еиҭеиҳәеит Жәлар Реизара аилатәараҿы аимак-аиҿак цәырызгаз ааԥхьара атәы

© Sputnik / Томас ТхайцукБадраҟ Аҩӡба
Бадраҟ Аҩӡба  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Sputnik акорреспондент Бадраҟ Аҩӡба арадиоефир аҿы еиҭеиҳәеит иахьа Аԥсны Жәлар Реизара аилатәара шымҩаԥысыз атәы.
Аҩӡба еиҭеиҳәеит Жәлар Реизара аилатәараҿы аимак-аиҿак цәырызгаз ааԥхьара атәы

"Жәлар Реизара ахантәаҩы Валери Кәарҷиа аилатәара алагамҭаз дазааҭгылеит атәылаҿы ауаажәларратә ҭагылазаашьа зеиԥшроу аполитикатә кризис ашьҭахь. Иара убас иара иажәақәа рыла Аԥсны ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба иганахьала шьоукы ақәыӷәӷәара аадырԥшуеит ҳәа, уи ауп изыхҟьазгьы игәамбзиара ҳәа азгәеиҭеит. Адепутат Лаша Ашәба иажәақәа рыла, уи азҵаара алацәажәара ҟалон иара ихаҭа аилатәара далахәызҭгьы. Анаҩс иӡырган адепутатцәа рыхәҭак еиқәдыршәаз ажәлар рахь ааԥхьара. Уи ахықәкы хада атәыла хада иалхрақәа ҟалаанӡа ауаажәларратә ҭагылазаашьа ҭышәынтәаланы ицаларцаз. Аха адепутатцәа рыхәҭак уи иаҿагылеит, аҭагылазаашьа еиҳагьы еицәахар алшоит ҳәа ргәаанагара рҳәеит. Адепутат Александр Анқәаб иакәзар, ааԥхьара зныз ақьаад ахкьыԥхьаа ԥижәеит. Уи ашьҭахь аилатәара иацҵан ажурналистцәа аламырхәӡакәа", - ҳәа еиҭеиҳәеит Аҩӡба.      

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0