Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Аӡынба ажь азы: шәы-хкык рҟынӡа акгьы ҳагым

© Sputnik / Томас ТхайцукИури Аӡынба
Иури Аӡынба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәа араион Гәымсҭа ахықәан иҟоу аӡахәааӡарҭа аиҳабы Иури Аӡынба арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит шаҟа ӡахәа хкы рымоу, шаҟа шықәса рҟынӡа иаҳа ибзианы аӡахәа аҽаҩра унаҭо ртәы.
Аӡынба ажь азы: шәы-хкык рҟынӡа акгьы ҳагым

"Араион аҟны аӡахәа аиҭаҳара ахы адыркиижьҭеи 15 шықәса ҵуеит. Аӡахәаҭра зҵазкуа "Аԥсны аҩқәеи аӡқәеи" ауп. Иԥыршәарц азы аҳәаанырцәынтә ажь хкқәа 40 инарзынаԥшуа иааргеит, нас ҳаргьы 7-8 шықәса раԥхьа Ҟрымынтә иааҳгеит, аҭыԥ аҟынгьы иаҳԥшааит аԥсуа жьқәа, иҟоу зегьы ааизакны 100 хкык рҟынӡа акгьы агым", - иҳәеит Аӡынба.

Иара иазгәеиҭеит Аԥсны аҳауатә ҭагылазаашьа аӡахәа ааӡаразы ишыманшәалоу, аҵаа адгьыл аҟны жәа-градуск ҟалар, убасҟан ауп аӡахәа адацқәа ԥырхага роур аналшо, аха усҟан аҳауала ҩажәа градус еиҵамкәа иҵаароуп.

"Аҵаақәа аныҟацәҟьоу ахҵәареи аҿаҳәареи аанаҳкылоит, избанзар аӡы зегьы алҵӡом, амахәқәа маҷк иԥыҵәҵәар алшоит, егьырахь уаҳа ԥырхага ыҟам. Аӡахәа 80-100 шықәса ианнеиуа ыҟоуп, аха 30-40 шықәсанӡа аҽаҩра иаҳа иаанашьҭуеит. Ианеиҭауҳа инаркны ахылаԥшра бзиа амазар, 3-5 шықәса рнаҩс иҿалараны иҟоу 80 процент инацны аҽаҩра унаҭоит", - иҳәеит Аӡынба.

Шәазыӡырҩы аудио. Инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0