Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Амлашьра иалахәыз Кортуаԥҳа: агәыӷра ҳамоуп азҵаара ишахәҭоу иӡбахап ҳәа

© SputnikАсида Кортуа
Асида Кортуа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Амлашьратә акциа иалахәыз Асида Кортуаԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны илҳәеит агәыӷра шлымоу аҵарҭышагара иаҿагыло азакәан аҟны ражәалагалақәа ҳасаб рзуны иахьатәиамш иалагӡаны иалагалахап, азакәан иахәҭоу амч аиуны иҟарҵап ҳәа адепутатцәа реилатәараҟны.
Амлашьра иалахәыз Кортуаԥҳа: агәыӷра ҳамоуп азҵаара ишахәҭоу иӡбахап ҳәа

Акоррупциа иаҿагыло азакәан апроект адгылаҩцәа хәажәкыра 2 рзы Аҟәа Ахақәиҭра ашҭаҿы ҿҳәарадатәи амлакра иалагеит. Жәабран 6 рзы Аԥсны Апарламент адепутатцәа рыбжьы рҭиит "Амаҵзурауааи адепутатцәеи рхашәалақәеи, рныхрақәеи, рмазареи, амазаратә ҟазшьа змоу рхыдҵақәеи ашәҟәы рҭагаларазы" азакәан апроект азы, аха иара амчра аиура аҿҳәара инахоуп "Аҳәынҭқарратә маҵзуразы" азакәан рыдыркылаанӡа. Акциа алахәылацәа ари иақәшаҳаҭым, адҵагьы ҟарҵоит хәажәкыра 22, алхрақәа рымш аҟынӡа азакәан амчра аиурц. Дара убасгьы аҿагылара арҭоит ачынуаа зықәра наӡахьоу рыхшара рмазара ашәҟәҭагалара аҭахны иахьыҟамлаз.

"Адепутатцәа рыхьӡала ааԥхьара ҳауит, акомитет ари азҵааразы ишеилатәо, апарламент асессиаҟны уи шықәыргылахо. Даараӡа агәыӷра ду ҳамоуп иахьа еизаз ажәлар уаҵәы еиҳамхап, еиламлап, азҵаара ишахәҭоу аӡбашьа аиуп ҳәа. Ас еиԥш ахамҵгылара, иҟалап, даҽакала азныҟәара аҭахызҭгьы, аха ҳара ҳхы иаҳзаҭәашьом. Еизаз ажәлар, даепутатцәа рахь ицар зҭахызгьы, ҳара иҳаӷрамгылеит. Аус руааит адепутатцәа, шьыбжьонынӡа аамҭа рымоуп асессиаҟны иахәаԥшырц. Азакәан аҟны иахәҭаз ҳажәалагалақәа  алхны икарыжьит, уи нахыс азакәан амч ацәыӡит. Ҳара иаҳҭахуп азакәан амчра азҭо ҳажәалагалақәа уахь иаларгаларц", - лҳәеит Кортуаԥҳа.

Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0