Гагреи Гали араионқәа рҟны акоменданттә сааҭ аԥыхуп

© Sputnik / Томас ТхайцукСотрудники ДПС
Сотрудники ДПС - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гал араион аҿы акоменданттә сааҭ алагалан хәажәкыра 31 рзы, Гагра араион аҿы – мшаԥы 8 рзы.

АҞӘА, мшаԥы 21 – Sputnik. Гал араион алалареи алҵреи рзы хәажәкыра 31 раахыс иалагалаз акоменданттә сааҭ аԥыхуп ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит араион ахада Омар Бганба.

Город Гал  - Sputnik Аҧсны
Гал араион ауааԥсыра хҩык рҽыԥхьакра аамҭа анынҵәа аамышьҭахь иоурышьҭит

"Акоменданттә сааҭ аԥыхуп. Аушьҭырҭатә ҭыԥ "Канал" аҟны амедицинатә лабораториа гылоуп, амедицинатә усзуҩцәа араион иалалои иалҵуеи ауаа ршоура ршәоит. Аусура хацдыркит адәқьанқәа, аԥҭекақәа, абанкқәа, абылтәыҭаҭәарҭақәа", - иҳәеит иара.

Галтәи аџьармыкьа мчыбжьык ахь хымш аус аулоит.

Омар Бганба иазгәеиҭеит алалареи алҵреи ррежим аан аныҟәара азин шрымаз згәабзиаратә ҭагылазаашьа инадҳәаланы ахәышәтәырҭахь инеираны иҟаз ауаа.

"Дара иҳарҳәон иахьцоз, изызцоз. Ҳара урҭ жәаҳәарада иоуҳажьуан", - ҳәа иҳәеит Бганба.

Иара иажәақәа рыла, араион ауааԥсыра абжьагарақәа ирықәныҟәоит.

Бганба Галтәи аџьармыкьа аусуразы: аԥҟара ҿыцқәа ирықәшәеит>>

Акоменданттә сааҭ аԥыхуп Гагра араион аҿгьы. Араион ахада инапынҵақәа назыгӡо Владимир Џьениа иҳәеит асанитартә нормақәа ирықәныҟәаны аџьармыкьа аусура шымҩаԥырго.

Иҳәеит арзҩыдаратә усурақәа хымԥадатәны ишыҟоу, аҭиҩцәа асабардақәа ныҟәыргалар шхымԥадатәиу.

Люди в изолированном доме  - Sputnik Аҧсны
Гагратәи аҩнеихагыла мчыбжьык ахы-аҵыхәала акарантин ахырхуеит

Аԥкырақәа рахыхра ашьҭахьгьы амилициа аусзуҩцәа автомашьынақәа алк-алкны игәарҭалоит иҳәеит Владимир Џьениа.

Уи адагьы, иара иажәақәа рыла, акоронавирус змаз ауаҩԥсы дахьынхоз аҩнаҿы инхогьы аҽыԥхьакра иалыргоит.

"Иахаьтәи адыррақәа рыла, авирус аҽаланамырҵәеит. Ҩнык аҿы иаанхеит. Сгәанала, уи иахәеит иаразнакы ирыдкылаз аԥкыратә режим", - ҳәа иҳәеит иара.

Аԥсны ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба мшаԥы 17 рзы Ашәарҭадаратә хеилак аилатәара мҩаԥигеит атәыла акоронавирус аламырҵәара иазкны.

Гагреи Гали араионқәа рҵакырахь алалареи акоменданттә сааҭи раԥыхра алшоит асанитартә маҵзурақәа рақәшаҳаҭхарала мшаԥы 21 инаркны ҳәа азгәеиҭеит иара.

Хәажәкыра 29 рзы Гал араион ахь узго амҩақәа зегь азинхьчаратә усбарҭақәа иадыркит Москвантәи иааз Гал ауаҩԥсы авирус лымоуп ҳәа анышьақәыргылаха ашьҭахь.

Араион аҿы асааҭ 20:00 инаркны асааҭ 07:00 рҟынӡа акоменданттә сааҭ алагалан хәажәкыра 31 рзы.

Гагра араион аҿы акоменданттә сааҭ алагалан мшаԥы 8 рзы, Гагра ақалақьуаҩ акоронавирус анидырбала ашьҭахь.

Акоронавирус иадҳәалоу ҳажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

 

Ажәабжьқәа зегьы
0