Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Дочиа еиҭеиҳәеит Тҟәарчал аԥшатлакә иҟанаҵаз аԥхасҭа атәы

© Foto / пресс-служба президента АбхазииДочиа еиҭеиҳәеит Тҟәарчал аԥшатлакә иҟанаҵаз аԥхасҭа атәы
Дочиа еиҭеиҳәеит Тҟәарчал аԥшатлакә иҟанаҵаз аԥхасҭа атәы - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Тҟәарчал араион ахада Исидор Дочиа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит иаха ақалақь аҿы иҟаз амшцәгьа иҟанаҵаз аԥхасҭа атәы.

 

Дочиа еиҭеиҳәеит Тҟәарчал аԥшатлакә иҟанаҵаз аԥхасҭа атәы

"Аԥшатлакә ӷәӷәа анасуаз аамҭазы аҵх агәахьы инеихьан азы, ԥсыҭбарак ма машәырк аӡәгьы имыхьит. Ахыбра ахнахит ԥшьеихагылак змаз аҩны, уи адагьы, араион аҿы иҟоу акрыфарҭа ахыб ахнахит. Макьаназ абри ауп дыррас иҳамоу, ахатәы ҩнқәа рыԥшәмацәа макьана араион ахадара иадымҵаалац. Аҩнеихагыла иақәҳаршәит иҷыдоу ахҟьа, қәак леиргьы, иахьчарцаз. Аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рзы атәыла ахадара адырра рымоуп, ацхыраара ҳаҭахоит. Ахыб мышқәак ирылагӡаны еиҭашьакәҳаргыларц ҳгәы иҭоуп. Ақалақь аҿы икаҳаит 12 ҵла, Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистрра аусзуҩцәа ирыбзоураны урҭ ықәгахоит. Аусурақәа нап дыркуп. Аспециалистцәа амшцәгьа иҟанаҵаз аԥхасҭа аԥхьаӡара аус хацдыркхьеит", - ҳәа азгәеиҭеит Дочиа.

 

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы аудио аҿы, мамзаргьы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0