Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Аргәын Тҟәарчал ауааԥсыра интернетла реиқәыршәаразы: аус нап аркра аӡәгьы иҭахымызт

© Foto / предоставлено Алиасом АргунАлиас Аргун
Алиас Аргун - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
"Тҟәарчал-телеком" аиҳабы Алиас Аргәын арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит араион аҿы аинтернет ахархәаразы иҟоу аҭагылазаашьа атәы, насгьы иара аҩнаҭақәа рҟынӡа анагаразы аусура шцо.
Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Аргәын Тҟәарчал ауааԥсыра аинтернетла реиқәыршәара иазкны

"2018 шықәса рзы араион аҿы ауааԥсыра аинтернет рызнагара ҳалагеит. Ауаа ахьмаҷу азы ари аус нап аркра аӡәгьы иҭахымызт, аԥара аанагом ҳәа ирыԥхьаӡон. Ҳхатә лшарала ҳалагеит аханатә, шықәсык сыҩуа сашьҭан ари аус, хәыҷы-хәыҷла иаҳзалҵызшәа иҟоуп иахьала. Уажәы Тҟәарчал ақалақь ҳаалган, ақыҭақәа рахь ҳаҿуп, иара убас ацәаҳәа злаауала Очамчыра араион ақыҭақәагьы аҵанакуеит. Гәыԥ, Арасаӡыхь, Џьал аҟаҵара ҳаплан иалоуп абри аԥхын иалагӡаны. Зықьҩык абонентцәа рҟынӡа ҳнеирц ааҩык ҳагуп. Апроект иахҭнаҳҵаз аҭыгаразы еиҭа ҩбаҟа шықәса ҳҭахуп, аха ҳгәы камыжькәа аҟаҵара ҳаҿуп", - ҳәа еиҭеиҳәеит Аргәын.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы аудио аҿы, мамзаргьы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0