Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи аиҳабы, археолог Аркади Џьопуа Аԥсуа Баагәара ду аҭҵаараҿы иаҳа хшыҩзышьҭра зиҭаз ҭҵаамҭақәак ртәы еиҭеиҳәеит арубрика "Аҭоурых иагәылаҵәаху" арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.
Сергеи Багаԥшь ихьӡ зху ашҭа иқәгылаз аҩыра yeSukhum ықәгахоит Аҟәа ақалақь анапхгара адҵала, абри атәы иҳәеит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы АУН "Аиқәыршәазаара" аиҳабы Саид Кәыриԥа.
Џьырхәатәи ахәыҷтәы лагер сынтәагьы аусура иацнаҵоит. Уи аиҿкааҩ Гәында Еныкьԥҳа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭалҳәеит алагер азҿлымҳара ахьынӡамоу атәы.