"Ачымазара иахҟьаны сус сзалагомызт, аха, азин ансоу, алагер аусура хацсыркырц сыӡбеит. Аха макьана агәаҳәара змоу маҷуп, алагер аӡыргара аҭахуп, аҭаацәагьы макьана агәыҩбарагьы рымазар акәхап, ицәгьоуп ақыҭаҿы умшәакәа ахәыҷқәа рныжьра. Ҵыԥх азныказы рыҽҭарҩит, исыдҵаалт, аха иааз маҷҩуп. Ақыҭаҿы ааигәа-сигәа ԥсшьара ҳәа иаауаз ахәыҷқәа ашьыжь иааиуан, ахәылбыҽха аҩныҟа ицон. Аха инарҭбааны ишысҭахыз еиԥш алагер аус замуит, ҳшеишьҭаз аҭаацәеи сареи убас ҳаанхеит. Сынтәа быжьҩык инареиҳамкәа ахәыҷқәа сыдыскылоит, ҽнактәи аԥсшьара 1000 мааҭ ҳәа иҟасҵеит, ахәыҷқәа рыкрыфара рыкрыжәра, аус здаауло амаругақәа уҳәа рзы иаҭаху аус аиҿкааразы", - ҳәа еиҭалҳәеит Еныкьԥҳа.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы аудио аҿы, мамзаргьы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
-
Ԥынҵала аӡы ржәӡом: Џьырхәатәи ахәыҷтәы лагер шеиҿкаахаз
-
Еныкьԥҳа еиҭалҳәеит ахәыҷтәы лагерь аҿы ашәарҭадара шеиҿкаау