Ареспубликатә хәышәтәырҭа аҳақьым хада Аполлон Гәыргәлиа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит ахәышәтәырҭаҟны иалагалоу акарантин инамаданы ачымазцәа шрыдыркыло атәы.
Аҟәа ахадара Аҿари аспорти русқәа рзы адепартамент аиҳабы лхаҭыԥуаҩ Есма Кәыҵниаԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит аҳҭнықалақь аҟны раԥхьаӡа еиҿкааз астритбол азы аицлабрақәа шаҟа гәыԥ аднаԥхьалаз, ишымҩаԥысуа атәы.
Тҟәарчалтәи араионтә хәышәтәырҭа алаборант Марина Какобаԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны арубрика "Раионк аԥсҭазаараҟынтә" аҿы еиҭалҳәеит ахәышәтәырҭа аусушьа шеиҿкаау, аҵыхәтәантәи аамҭазы ашоура рыманы ӡәыр дрыдҵаало, аҭагылазаашьа зеиԥшроу атәы.
Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аҭҵаарадырратә усзуҩ Есма Ҭодуаԥҳа арубрика "Жәлар рдоуҳа" аҿы еиҭалҳәеит аԥсуа жәлар ртрадициатә культураҿы ишьақәгылоу аныҳәаҩ ихаҿреи аныҳәараан дзықәныҟәо "аԥҟарақәеи" ртәы.