Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Анотариус атәанчаҩ изы агәраргага аҟаҵаразы: ргәы иҵхо усны ишыҟоу еилаҳкаауеит

© Foto / предоставлено Аллой СангулиаАлла Сангулиа
Алла Сангулиа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәа ақалақь анотариус Алла Сангәлиаԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит атәанчаҩы агәраргага изыҟаҵаразы иарбан шәҟәқәоу иаҭаху, насгьы уи хаҭала анотариус иҟынӡа анеира илымшозар, иҟаҵатәу.
Анотариус атәанчаҩ изы агәраргага аҟаҵаразы: ргәы иҵхо усны ишыҟоу еилаҳкаауеит

"Иахьатәи аамҭаз атәанчаҩцәа ртәанчахәы абанкоматқәа рҿы инеины амхра рылшом, аха абанкқәа рҿы иҟоу ауаа рацәа ирыхҟьаны излымшо иҟаиҵоит агәраргагақәа. Уи азы иаҭахуп атәылауаҩшәҟәқәа ҩба - иҟазҵо итәы, зыхьӡала иҟарҵо итәы. Уажәы уи ашәҟәы аҟаҵаразы иаауа даара ирацәоуп анотариалтә конторақәа рахь, аха ҳара зегьы ҳадаҳкылоит. Иҟаҳҵо зегьы рзыҟаҳҵоит хәыды-ԥсада. Иҟоуп атәанчаҩцәа анотариус иҟынӡа изымааиуа, уи азы иҳамоуп апроцедура - аҩныҟа ацара. Амала анотариус игара дара ирыдуп. Аҭынха дааины иҳәоит атәанчаҩы дшычмазаҩу, арахь аара шилымшо атәы, иқьаадқәа сыдкылан саналгалак, иаразнак сзымцозаргьы, уи аус шсыду здыруеит. Аамҭа анааилак, дара иааины сыргоит. Ирацәаҩуп ари аамҭа иалагӡаны ус еиԥш сахьцахьо, ирацәоуп еиҭа ишьҭоу азыҳәарақәагьы. Аԥшра анрықәшәо ыҟоуп, аха аӡә дыбжьажьны ҳәа иҟаҳамҵац. Зегьы аилкаара ҳамоуп, атәанчаҩцәа рзы ари аус ргәы иҵхо акәны ишыҟоу аадыруеит", - еиҭалҳәеит Сангәлиаԥҳа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0