Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Возба еиҭеиҳәеит Гәдоуҭа араион ахадареи аусзуҩцәеи акарантин шырхырго

© Foto / предоставлено Темуром ВозбаТемур Возба
Темур Возба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гәдоуҭа араион ахада ихаҭыԥуаҩ Ҭемыр Возба арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит араион ахадара акарантин аамҭа шырхырго атәы.
Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Возба Гәдоуҭа ахадара акарантин шырхырго атәы

"Нанҳәа 17 рзы араион ахадара аҩнуҵҟа иҳаман аилацәажәара, уахь ааԥхьара рыман ашкол араионқәа рхадацәа, руаӡәы аҿкы чымазараҟынтә агәаҭара дахысхьан, аха аҭак имамызт, ашьҭахь еилкаахеит ачымазара шидбалоу. Убри инамаданы, асанитартә ҳақьым хада араион аҿы адырра ҳалҭеит администрациа аусзуҩцәа зегьы шаушьҭтәу. Уи ауаҩ хаҭала аԥсшәа иазҳәаз, сареи араион ахадеи, ахалаҽыԥхьакырҭахь ҳрышьҭит. Ҳара ҳаҟоуп ақалақь асасааирҭақәа руак аҿы, егьырҭ зегьы аҩныҟа иаушьҭуп. Ажәахатәи амш аҽны иргоит агәаҭарақәа аҿкы чымазара ҳамоу иҳамаму аилкааразы. Аҳәынҭқарра ахадарахь наҟ-наҟтәи ҳусура аиҿкааразы иҳашьҭыз ашәҟәаҟынтә иҳауз аҭак ала иахьа аус аауеит. Араион ахадара ааныжьра азин ҳамам. Аӡәык-ҩыџьак зда-ԥсыхәа ыҟам ааҳадкыланы, ахыхьчагатә ԥҟарақәа зегьы рықәныҟәарала ҳусура наҳагӡоит", - ҳәа еиҭеиҳәеит Возба.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Акоронавирус иадҳәалоу аҵыхәтәантәи ажәабжьқәа шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0