Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Агрба адепутатцәа рзы ақәратә ценз иазкны: 25 шықәса маҷуп, аԥышәа змоу, иҟәышу ртәатәуп

© Foto / предоставлено Астаном Агрба Закан Агрба
Закан Агрба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуа жәлар рмилаҭ-хақәиҭратә қәԥара иалахәыз, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран, Гагра араион Бзыԥҭа ақыҭа абыргцәа рхеилак ахантәаҩы Закан Агрба арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит адепутатцәа рықәратә ценз 30 шықәса рахь аиагаразы игәаанагара.

Аԥсны Аконституциатә ӡбарҭа "Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциахь аиҭакрақәа ралагаларазы "Адепутатцәа рықәратә ценз азы" азакәан апроект, ҷыдала иуҳәозар, аценз 25 шықәса рҟынтә 30 рахь иԥсахзарц азы, Аконституциа 7-тәи ахәҭа аԥҟарақәа ирышьашәалоуп ҳәа иазханаҵеит.

Агрба адепутатцәа рзы ақәратә ценз иазкны: 25 шықәса маҷуп, аԥышәа змоу, иҟәышу ртәатәуп

"Апарламент аҿы, сгәаанагарала, иҟазароуп еиҳараҩык аекономистцәеи аиуристцәеи, егьырҭ ыҟамзароуп сымҳәеит, аха урҭ иаҳа ирацәазароуп. Ақәра акәзар, 25 шықәса маҷуп, 30 инаркны 45-50 рҟынӡа аԥышәа змоу, иҟәышу, аекономика здыруа убра иртәазар, убарҭ ҳԥеиԥш рыӡбап ҳәа сгәы иаанагоит. Аҵеицәа рыгәра гатәуп, аха амҩа рызҭаша аиҳабы дрымазароуп. Ҳпарламент аҿы иазыӡырҩлароуп ирыдыркылаз аӡбамҭақәа аус шыруа атәы. Ирыдыркылаз ақәҵара анагӡара ахылаԥшра арымҭошәа сахәаԥшуеит сара, ус анакәха, ирыдыркыло зегьы алҵшәа аиуӡом", - ҳәа азгәеиҭеит Агрба.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0