Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭа аусзуҩы: ақыҭақәа рҟынтә амедеиҳәшьцәа ҳавагылеит

© Foto / предоставлено Ией Габуния Ия Габуния
Ия Габуния  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Изеиԥшроузеи иахьазы Гәдоуҭатәи агоспиталь аҿы аҭагылазаашьа, иадҵаалома уи аволонтиорцәа? Арадио Sputnik аефир аҟны абри атәы еиҭалҳәеит Гәдоуҭа араионтә хәышәтәырҭа амедицинатә еиҳәшьа еиҳабы Ииа Гәымԥҳа-Барзаниа.
Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭа аусзуҩы: ақыҭақәа рҟнытә амедиаҳәшьцәа ҳавагылеит

Аԥсны аҵыхәтәантәи аамҭазы акоронавирус зыхьыз рхыԥхьаӡара иахьацлази Гәдоуҭатәи агоспиталь аҿы аиҵбыратә медперсонал ахьазымхои азы Агәабзиарахьчара аминистрра ауааԥсыра рахь аҳәара ҟанаҵеит ахәышәтәырҭа аусура иацхраарц.

"Иахьатәи амш азы макьана аволонтиорцәа рахьынтә аӡәгьы дмааицт, аха ҳара ҳамчала ақыҭакәа рҿы итәаз амедеиҳәшьцәа аҭел ҳарзасын, санитарцәаны аусура иалагартә еиԥш иааит. Убарҭ даара иҳацхрааит абыржәазы. Иҟоуп Дәрыԥшьынтә, Лыхнынтәи. Мчыбжьык аус руеит нас ҩымчыбжь ахыԥхьакрахь ицоит. Хҩык ус иаҳзааит аусура ҳалшозар аабоит ҳәа. Аҳақьымцәа ракәзар, уажәы ареспубликатә хәышәтәырҭа аҟынтә аҳақьымцәа ҳамоуп, иҟоуп аҩбатәи ақалақьтә хәышәтәырҭа аҟынтә. Хаҭала сара, уажәы азона ҟаԥшь ахь снеиӡом, ахәшәқәа рхылаԥшра, иаанамҭоу аҟәшақәа рахь рнагара, ақьаадтә ус уҳәа иҟаҵатәу маҷым аҟнытә уи ахылаԥшра асҭоит. Ус иҳадуп. Ачымазаҩцәа бжьаратәла ҩажәамш ишьҭоуп, уи зегь реиҳа ианмаҷу ауп. Аҳақьымцәа рҟнытә иааԥсаз рацәоуп, хыхьчара ирышьҭыз ыҟоуп, ичмазаҩхазгьы ҳамоуп. Ахәышәтәырҭаҿы аус зуа зегьы пату еиқәҵаны ҳаидгылоуп, ҳаицхыраауеит, ҳусура џьаршьеит урыстәылантәи иҟаз аҳақьымцәагьы", - ҳәа еиҭалҳәеит Гәымԥҳа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0