Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Шьалашьаа: афинанстә шәарҭадаратә хчы ҟалом ахаан ашәахтәқәа ахьырымшәо аҳәынҭқарраҟны

© Sputnik / Томас ТхайцукЗаур Шалашаа
Заур Шалашаа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Афинанстә ҭагылазаашьа уадаҩ аан аҳәынҭқарра ашәарҭадара алзыршо, уи азҵаара аӡбара иаԥырхагоу атәы арадио Sputnik аефир аҟны дазааҭгылеит Аекономикеи азини ринститут аиҳабы, аекономикатә ҭҵааарадыррақәа рдоктор Заур Шьалашьаа.
Шьалашьаа: афинанстә шәарҭадаратә хчы ахаан иҟалом ашәахтәқәа ахьырымшәо аҳәынҭқарраҟны

Аҳәынҭқарраҿы аԥара ҭаҵәахны иҟазароуп афинанстә уадаҩра дуқәа раан ашәарҭадаратә хчы аҳасабала ахархәара ззууша. Ус еиԥш алшара ареспубликаҟны иҟам ҳәа азгәеиҭеит Аԥсны ахада ааигәа Гагра араион ахадараҟны имҩаԥгаз аилатәараҟны.

"Ашәарҭадаратә хчы ҟалашьа амаӡам ахаан изыхәҭоу ирықәу ашәахтәқәа рымшәар. Авирус иҟалаз вбас, ҿыҵгас ҟаҵашьа ҳамаӡам, избанзар ари есышықәса иаауа усуп. Аибашьра ашьҭахь Аԥсны аҳәынҭқарра раԥхьатәи ахада иазгәеиҭон ажәлар ирымоу ахәыҷы ала рхы акала иахәарц азин раҳҭап ҳәа. Аибашьра раԥхьатәи ашықәс азы акгьы ахьырамшәоз иахьанӡагьы ус иааугар ҟалоит ҳәа ргәы иаанагоит. Аҳәынҭқарра ахадацәа рҽырԥсахуеит, аха аҭагылазаашьа шыҟац инхоит. Ашәахтәқәа шәалатәуп ҳәа ирҳәоит, аха уи назыгӡода? Ажәлар ишаҳбо ала рхала ирҭахым уи анагӡара, убри аҟынтәи амчрақәа ишахәҭоу аус адмырукәа ӡбашьа амаӡам", - иҳәеит Шьалашьаа.

Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны аефир.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0