Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Шьоууа авирус змоу рзы ахәышәтәырҭақәа рҿы аҭыԥқәа раартразы

© Foto / предоставлено Гурамом ШоуаГурам Шоуа
Гурам Шоуа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гәылрыԥшьтәи арратә госпиталь аҳақьым хада Гәырам Шьоууа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит акороновирус змоу рзы Агәыӡера ахәышәтәырҭаҿы хазы аҭыԥқәа раартра аус шцо атәы.
Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Шьоуа авирус змоу рзы ахәышәтәырҭақа рҿы аҭыԥқәа раартразы

Аԥсны ахада ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчаразы акоординациатә штаб аӡбара шьаҭас иаҭаны аусԥҟа инапы аҵаиҩит. Уаҟа иазгәаҭоуп жьҭаара 5 инаркны массала аспорттә, агәмырҿыӷьратә, ацәыргақәҵатә уснагӡатәқәа ахыбрақәа рыҩнуҵҟа рымҩаԥгара мап ацәкра уҳәа убас. Иара уи адагьы, агәабзиарахьчара аминистрра жьҭаара 15 рҟынӡа анапы ианҵоуп Аԥсны, Аҟәа ақалақьи араионқәеи иахьрыҵанакуа иҟоу амедицинатә усҳәарҭақәа рҟны авирус змоу ахаҿқәа рнагарҭа ҭыԥқәа разырхиара.

"Ари ачымазара зыхьуа ҳзаанагоит, урҭ ҳрыхәаԥшуеит нас ишахәҭоу аҭыԥ иқәаҳҵоит, шьоукы аҩныҟа, шьоукы – Гәдоуҭаҟа, аха уи анализқәа рҭак анҳаулак ашьҭахь. Ахәышәтәырҭа атерапиа аҟәшаҿы архиара ҳаҿуп 40-ҩык рҭыԥ ари ачымазара зыхьуа рышьҭаҵаразы, аха макьана хаз аҟәша аашәырты ҳәа адҵа ҳмоуӡац. Иахьазы дҵас иҳамоу: ачымазаҩцәа ашоура змоу, Агәыӡера рыдкылара, нас ишахәҭоу аус рыдулароуп. Ахәышәтәырҭаҿы акоронавирус аҟынтә иахьазы анализ аҭак иазыԥшу ҳәа аӡәгьы дыҟам, зегьы аҩны итәоуп. Дара есымша аҭел ҳарзасуеит, рҭагылазаашьа еилаҳкаауеит. Анализ аҭак анааилак нас рыхәшәтәразы даҽа мҩак ылаҳхуеит. Аҩны рҽырхәышәтәуеит 16-ҩык рҟынӡа", - ҳәа еиҭеиҳәеит Шьоууа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0