Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ԥлиаԥҳа Ашьхатә Ҟарабах иҟоу аҭагылазаашьазы: иахьеи-уаҵәи иаангыло ак акәым

© Sputnik / Томас ТхайцукДалила Пилия
Далила Пилия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аполитолог Далила Ԥлиаԥҳа Ашьхатә Ҟарабах ҿыц зхы зкыз аерман-азербаиџьантә еидыслара ахҳәаа азыҟалҵеит арадио Sputnik аефир аҿы.
Ԥлиаԥҳа Ашьхатә Ҟарабах иҟоу аҭагылазаашьазы: иахьеи-уаҵәи иаангыло ак акәым

Аерман-азербаиџьантә конфликт ҩаԥхьа аҽарҿыцит амҽыша ашьыжь. Ермантәылеи Ашьха Ҟарабахи аибашьратә ҭагылазаашьеи азеиԥш мобилизациеи рылаҳәоуп.

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аерман-азербаиџьантә конфликт ҩаԥхьа аҽахьарҿыцыз агәҭынчымра шазцәырнаго азы аҳәамҭа ҟанаҵеит.

"Ҳааҵраҿы даҽа еибашьрак ахы ыҵнахит ҳәа иаҳбо ажәабжь угәы унархьыртә иҟоуп. Иаауа аинформациа иашам аҩганк рҟынтә. Аԥсуа-ақырҭуа еибашьраан ҳара ак ҳҳәон, ақырҭцәа уи иаҿагылаз шырҳәоз еиԥш. Аибашьра ахьыҟоу арыцҳара шыҟоу зегьы иаадыруеит. Ара угәы узырхьуа кавказаа зегьы интересла ҳаибаркуп, убри аҟнытә ари ззеиӷьу ҳәа макьана дубараны уҟаӡам. Ари иахьеи-уаҵәи иаангыло ак акәым, араҟа аинформациатә еибашьра цоижьҭеи акрааҵуан, уи адагьы ааигәа аҭырқәцәеи азербаиџьанцәеи арратә ҽазыҟаҵара мҩаԥыргон, аҭырқәа хымԥада урҭ дрыдгылоит, аерманцәеи аурысцәеи егьи аганахьала иҟоуп. Аибашьра ас ианцәырҵуа доусы иара интересқәа дрышьҭоуп, џьоукы рхы еиқәдырхарц, џьоукы рмал еиздырҳарц, егьырҭ адгьылқәа, макьана аилаҩеиласра ицо еилыкка иҳаздырам, аха угәы узырхьша еибашьроуп, аинтересқәа рацәаны еидуп", - ҳәа лҳәеит Ԥлиаԥҳа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0