Ермантәылеи Азербаиџьани рҳәааҿы аиҿагыларақәа ирыхҟьаны аԥсыҭбарақәа ыҟоуп

© Foto / Минобороны АзербайджанаВоеннослужащие вооруженных сил Азербайджана
Военнослужащие вооруженных сил Азербайджана - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аиҿагылара хацыркхеит амҽыша, Азербаиџьан иатәу Товузтәи араиони Ермантәыла иатәу Тавуштәи аобласти рҳәааҿы.

АҞӘА, ԥхынгәы 13 - Sputnik. Азербаиџьантәи аруаа аерман ган аҿы игылоу ар рпункт иалахысит. Аҭагылазаашьа акыр еибарххоуп ҳәа аанацҳауеит РИА Новости Азербаиџьан Атәылахьчара аминистрра апресс-маҵзура адыррақәа шьаҭас иҟаҵаны.

Аиҿагылара хацыркхеит амҽыша. Азербаиџьан Атәылахьчара аминистрра аҳәамҭа ҟанаҵеит Ермантәыла аганахь ала апозициақәа ирылахысын ҳәа. Иазгәаҭан хҩык аррамаҵзурауаа рҭахара. Баку адыррақәа рыла, аерман гангьы ацәыӡқәа амоуп.

Убри аан Ермантәыла Атәылахьчара аминистрра аҳәамҭа ҟанаҵеит азербаиџьантәи аруаа аерман ар ргыларҭа ампыҵахалара рҽазыршәеит ҳәа. Ереван адыррақәа рыла, Азербаиџьан ацәыӡқәа амоуп, Ермантәыла – мап.

РИА Новости Азербаиџьан Атәылахьчара аминистрра апресс-маҵзураҟынтә иаиуз адыррақәа рыла "артиллериа, аминаршәгақәа, атанкқәа рхархәарала уахынланы иҭархан ар ргыларҭа апункт, артиллериатә шьақәгылақәа, автомобилтә техника, аӷа ируаа".  Иара убасгьы иазгәаҭан аерман ган аинформациа ӡырнагом ҳәа.

архивтә фото - Sputnik Аҧсны
Урыстәылеи Азербаиџьани рдоуҳатә ԥхьагылаҩцәа Ҟарабах азҵаара иалацәажәоит

Еревантәи аҳәамҭақәа рыла, аҳәаа ари ахәҭаҿы ахысрақәа аҭыԥ рыман. Ҩба-хԥа сааҭтәи аҭынчра ашьҭахь шьыжьнаҵы еиҭалагеит. Ермантәыла Атәылахьчара аминистр  аруаа ахынкылара рымазарц рабжьигеит.

Ашьха Ҟарабах азы Ермантәылеи Азербаиџьани рыбжьара аимак ахы цәырнагеит 1988 шықәса жәабранмзазы, Ашьха-Ҟарабахтәи автономтә област Азербаиџьантәи ССР иалҵуеит ҳәа аҳәамҭа аныҟанаҵа ашьҭахь.

1991 шықәса цәыббрамзазы Ашьха-Ҟарабахтәи автономтә област аҳҭнықалақь Степанакерт ирылаҳәан Ашьха-Ҟарабахтәи Ареспублика аԥҵара. 1992 шықәса раахыс аиҿцәажәарақәа мҩаԥысуеит аимак аҭышәныртәаларазы. Аганқәа рыҩбагьы дасу ринтиресқәа рыхьчоит.
Ҟарабахтәи аимак азонаҿ аҵыхәтәан акәны аҭагылазаашьа уадаҩхеит 2016 шықәса мшаԥымзазы.

Азербаиџьани Ашьха Ҟарабахи рырратә усбарҭақәа рдыррақәа рыла, Ермантәыла арратә мчрақәа еиуеиԥшым апровокациақәа мҩаԥыргон аидыларатә цәаҳәа иахьаҵанакуаз аҭыԥқәа рҿы. Ермантәылатәи адыррақәа рыла, апровокациақәа мҩаԥнагон Азербаиџьантәи аган.
Мышқәак рышьҭахь аиҿагылара аԥырҟәҟәаан.

Ажәабжьқәа зегьы
0