Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Џьапуаԥҳа ашколқәа рганахьала аԥкрақәа рыцҵаразы: аҵарадырра, уи агәабзиара аус иаҩызоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукМикрофон
Микрофон - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәатәи ахәбатәи абжьаратә школ аҟны ааӡаратә ус аиҿкааҩ, афизика арҵаҩы Иа Џьапуаԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы ашколқәа рганахьала ирыцҵоу аԥкрақәа рзы лгәаанагара атәы лҳәеит.
Џьапуаԥҳа аҵаратә процесс аԥкрақәа рыцҵаразы: зынӡаск ҵарада гәыбзиара уск иаҩызоуп

Аԥсны акоронавирус аламырҵәаразы аԥкра ҿыцқәа ирыцҵоуп ажьырныҳәа 12-нӡа. Аусдҵа ҿыц инақәыршәаны ареспубликаҿы азин ыҟам ашколқәраҟынӡатәии азеиԥшҵаратәи еиҿкаарақәа русура урҭ реиҿкаара-зинтә формеи рхатәтәратә формеи ирыхьмырԥшыкәа.

Салоны красоты и парикмахерские возобновили работу в Москве - Sputnik Аҧсны
Аԥсны акоронавирус аламырҵәаразы аԥкра ҿыцқәа ирыцҵоуп ажьырныҳәа 12-нӡа

"Аиашазы, ашкол ахь ҳцоит ҳәа агәаанагара ҳаман. Ахәыҷы ҿыц ашкол ахь данцо еиԥш ҳгәы ҳыҭхыҭуа ҳазыԥшын, аха алаҳәара иҟарҵаз даара иуадаҩны иҳадаҳкылеит. Аҵара аус даара ихьысҳан ацара иалагеит. Зынӡаск ҵарада, уи агәабзиара аус иаҩызоуп. Ҳашкол ахәыҷқәеи ҳареи зынӡаск еимадарак ҳабжьам ҳәа сызҳәом. Излауала аурокқәа еиҭаҳәаны ахәыҷқәа ираҳҭоит, аха ари апроцесс даара иуадаҩны ицоит. Избанзар, ицәгьоуп ахәыҷқәа ҭелла рацәажәара, уи ишуҭаху иузнагаӡом. Ҳгәы иаанагон ахәыҷқәа хымш-хымшла аҵара ҵарахьы ииасуеит ҳәа, аха иалымҵызар акәхап. Ас ҳашцо сыздыруам. Ахәыҷқәа аҭелқәа рыла аурок ҿыцқәа раҳҭоит. Аха аҳасабрақәа ахимиа, афизика, алгебра амаҭәарқәа рыла даара иуадаҩуп. Ҳара ҳашкол арҵаҩцәа зегьы ақәшаҳаҭуп аԥхынра аусура, даҽа хымз ҳауеит. Егьыс ҳхәыҷқәа аҵара ҳәа ирҵаз акгьы иҟам", - лҳәеит Џьапуаԥҳа.

Аҟәатәи ахәбатәи абжьаратә школ аҟны ааӡаратә ус аиҿкааҩ ахәыҷқәа аҩбатәи ашықәс азы рааныжьреи, аҭаацәа аԥара ахшәааны ахәыҷқәа арҵаҩцәа рахь рышьҭреи азы иҟоу ацәажәарақәа рзы лгәаанагара лҳәеит.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0