Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ажьиԥҳа еиҭалҳәеит Гагра араион ашколқәа рҟны адистанциатә ҵара шеиҿкаау

© Foto / предоставила Мадина ЖибаМадина Жиба
Мадина Жиба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гагра араион аҵара аҟәша аиҳабы Мадина Ажьиԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит араион ашколқәа реиҳарак адистанциатә ҵарахьы ишыиасыз, аԥкрақәа аԥыххаанӡа ус еиԥш аҵаҩцәеи арҵаҩцәеи аимадара шрыбжьазаауа атәы.
Ажьиԥҳа еиҭалҳәеит Гагра араион адинстанциала ашколқәа русура аиҿкаара атәы

"Аҭаацәеи ҳареи зегьы иаҳҭахыз акакәын, ахәыҷқәа аҵара рҵартә еиԥш, ашкол ахь инеиртә еиԥш аҭагылазаашьа роурцаз. Еилкаауп, ачымазара бааԥсуп, аха ҳхәыҷқәагьы адыррақәа ирызнаҳгаран иҟоу ҳгәы иҵхоит. Иаҳҭахуп, еиҳарак алагарҭатә классқәа ацхыраара зҭаху ахәыҷқәа рзы, аҵаратә процесс алагарцаз. Аха шьҭа уи алацәажәара хьшәазар ҟалап, аԥкрақәа алагалоуп, уи ҳақәымныҟәар адагьы ԥсыхәа ыҟам. Пицунда аҭаацәа реизараҿы раԥхьа инаргылан зҵаара хаданы иқәгылан, ҳара аҵара аҟәша аусзуҩцәа, аминистрра, аимадара ҳаму иҳамаму, иарбан мҩоу ҳазқәырҵо.

Мадина Гумба - Sputnik Аҧсны
Арадио
Гәымԥҳа ашколқәа рҿы аԥкрақәа рыцҵаразы: ҳхәыҷқәа ԥсыхәак рзутәуп, ас цашьа ҟалом

Дара еиқәдыршеит анапынҵақәа атәыла анапхгара рахь, ҳара адистанциатә ҵара ҳадгылаӡам, ҳхәыҷқәа ашколқәа рахь инеиртә еиԥш аҭагылазаашьа роуртә еиԥш ҳәа зҳәо. Уи инақәыршәаны ҳаргьы аҵара аминистррахь еиқәҳаршәеит ашәҟәы, уа дара рызҵаарақәа рыдагьы ҳаргьы ҳазҵаарақәа арбоуп: ишԥаҟаҳҵо ашықәс азбжа ахыркәшара, ахәшьарақәа ықәҳаргылар ҟало иҟамло, избанзар, араион аҿы ҳара еиҿаҳкааит дистанциала аусура. Еилкаауп, уи ишахәҭоу еиԥш арҵаҩцәа зегьы рхы рзаладмырхәит, аха иҟоуп арҵаҩцәа, ашколқәа, даара ибзианы уи аԥышәа шьҭызхыз. Ҳара ихамоуп акомиссиа иҭызҵаауа шаҟа иманшәалахаз адистанциатәла аусура, аха ҳалаҽхәартә еиԥш макьана аҵара еиҿкаам, даара ирацәоуп аԥынгылақәа. Раԥхьаӡа инаргыланы аинтернет ахархәара змам даара ирацәаҩуп. Уи анаҩс алашара арцәара аҳаблақәа рҿы еиқәшаӡом. Гәыԥҩык ахәыҷқәа аурок иаҭааит, егьырҭ лашарада иахьыҟам азы изцәырымҵит, убас аки-аки еиқәылеит. Иахьазы, аҭагылазаашьа иснаҭаӡом аҳәара адистанциатә ҵара зегьы иҳақәҿиеит, иманшәалоуп, ибзиоуп ҳәа. Арҵаҩцәа иҳалшо ала ҳхы ҳамеигӡакәа, аплатформақәа ҭҵааны ҳхы иаҳархәоит, излауа ала ахәыҷқәеи ҳареи ҳаимадазарц. Уажәы, ахаҭабзиара шьҭыхны ҳус ацҵароуп ашколқәа рнапхгаҩцәеи ҳареи хықәкыс иҳамоу ", - ҳәа азгәалҭеит Ажьиԥҳа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0