Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Бигәаа еиҭеиҳәеит сынтәа Гал араион аҟны ацитрус шәырқәа рҽаҩра зеиԥшроу

© Foto / предоставлено Бесланом БигваваБеслан Бигвава
Беслан Бигвава - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гал араион ақыҭанхамҩа аҟәша аиҳабы Беслан Бигәаа арадио Sputnik арубрика "Раионк аԥсҭазаараҟынтә" аҿы еиҭеиҳәеит ацитрустә шәырқәа рҽаҩра ахаҭабзиара зеиԥшроу атәы сынтәа.
Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Бигәаа Гал араион аҟны ацитрус шәырқәа рҽаҩра атәы

"Абыржәы хымш-ԥшьымш раԥхьа ауп амандарина аҽаҩра аингалара ианалага, иҟалап ҩышәҟа тонна ҿырххьазар. Сынтәа аҽаҩра хар амам араион аҟны, ҵыԥх аасҭа еиӷьуп. Ауаа изхәышәтәыз рмандарина цқьоуп, иҩежьуп. Нхыҵ-Кавказынтә машьынала иаалоит, амандарина змоу ирацәажәаны иргоит. Иҟоуп анхацәа рҟны рхаҭа иҿыхны ианыргогьы. Қьырала игоу асовнхарақәагьы ирымоуп дара раахәаҩцәа. Ишыздыруа ала амандарина ҿызхуа хԥа-ԥшьба мааҭ рзыршәоит кьылак азы", - иҳәеит Бигәаа.

Иара иажәақәа рыла, араион аҟны сынтәа аҭагылазаашьа ҵыԥх аасҭа еиӷьуп амармалташьтә пты аганахьала. Араион аҟны 350 кьыла инарзынаԥшуа апты еизганы ирбылхьеит. Ақыҭанхамҩа аминистрра анхацәа кьылак еизырго апты азы 1000 мааҭ рзыршәоит.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik аефир аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0