Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Кәыҵниаԥҳа "Раԥхьатәи амилаҭтә бренд "Аԥсны иҟаҵоуп" азы: ихәарҭахоит

© Foto / предоставила Камилла Куцниа Камилла Куцниа
Камилла Куцниа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата аусдкылаҩцәа ҿарацәа рассоциациа иӡырнагеит апроект ҿыц "Раԥхьатәи амилаҭтә бренд "Аԥсны иҟаҵоуп". Аԥсны иҟаҵо афатәқәеи аалыҵқәеи рзы ишхәарҭоу атәы арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит уи ассоциациа аиҳабы Камилла Кәыҵниаԥҳа.
Кәыҵниаԥҳа "Раԥхьатәи амилаҭтә бренд "Аԥсны иҟаҵоуп" азы: ихәарҭахоит

"Аԥсны иаҭаауа асас, иара ҳтәыла ауааԥсыра рызгьы ари апроект хәарҭахоит. Дара ҭыԥк аҿы иаадкыланы Аԥсны иҟаҵо аалыҵқәа зегьы, афатә мацара акәым, абзазаратә маҭәахәқәа уҳәа, ҳтәылаҿы иааҭрыжьхо зегьы уахәаԥшны иааухәартә еиԥш алшара ҟалоит. Аџьармыкьа аартра дара аусдкылаҩцәа ҿарацәа рзгьы иус бзиоуп, урҭ раалыҵ наганы иахьырҭииша аҭыԥ роуеит, уи дара рзы цхыраагӡа дуухоит", -ҳәа еиҭалҳәеит Кәыҵниаԥҳа.

Ахәаахәҭра-ааглыхратә палатаҿы имҩаԥысит 2020-тәи ашықәс азы Аусдкылаҩцәа ҿарацәа рассоциациа аихшьаалатә еилатәара. Уаҟа иӡырган "Раԥхьатәи амилаҭтә бренд "Аԥсны иҟаҵоуп" ҳәа апроект ҿыц.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0