Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Асабуаԥҳа ақыҭанхамҩатә туризм азы: аԥеиԥш лаша амоуп

© Foto / предоставлено Эсмой АсабуаЭсма Асабуа
Эсма Асабуа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аекскурсиақәа рымҩаԥгаҩ Есма Асабуаԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит аӡын аамҭазы атуристцәа ирыдыргало ахырхарҭа ҿыц атәы.
Асабуаԥҳа ақыҭанхамҩатә туризм азы: аԥеиԥш лаша амоуп

"Ҳара ҳтурфирма азхиоуп аӡын аԥсшьаҩцәа рымҩаԥгара. Хадаратәла хырхарҭас иҳамоу Риҵа, Афон ҿыц, Аԥсны мраҭашәаратәи ахәҭа. Сынтәа убасгьы ҿыцны иалаҳгалеит ашәыр баҳчақәа Гәылрыԥшь араион аҟны, убасгьы Риҵеи Афони рыбжьара амандаринаҭрақәа. Аԥсшьаҩцәа гәахәарыла ирыдыркылоит, ҭагалан аахыижьҭеи "ҳнеины иҳаҟәшәар, ҳпатреҭқәа ҭаҳхыр ҟалома" ҳәа иҵаауеит. Иҟоуп ирыцҳашьаны иҿызымхуагьы. Ус зны сақәшәеит. Убриаҟара иԥшӡоуп, еиҿкаауп, сахәаԥшландаз ҳәа садгылоуп лҳәеит аԥсшьаҩы. Аӡын ыиасыр, ааԥынгьы сгәаанагарала иҟоуп аԥсшьаҩцәа ирыдаагалаша ашәырҭрақәа", - лҳәеит Асабуаԥҳа.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik аефир аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0