https://sputnik-abkhazia.info/20260729/1064665869.html
Ихадоу атемақәа
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Аԥсны Арбџьармчқәа рреформа мҩаԥгахоит.Ари азҵаара иалацәажәеит аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынбеи, Атәылахьчара аминистрра ахада Беслан Ҵәыџьбеи, Аштаб Хада... 29.07.2026, Sputnik Аҧсны
2026-07-29T18:01+0300
2026-07-29T18:01+0300
2026-07-29T18:11+0300
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/07/1d/1064665703_0:3:1036:586_1920x0_80_0_0_631960e50b27290170de56892af5e244.jpg
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Аԥсны Арбџьармчқәа рреформа мҩаԥгахоит.Ари азҵаара иалацәажәеит аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынбеи, Атәылахьчара аминистрра ахада Беслан Ҵәыџьбеи, Аштаб Хада аиҳабы Владимир Савченкои.Урҭ аррамаҵурахьы ааԥхьара асистема аиӷьтәра, арратә еилазаара аҿиара, Арбџьармчқәа реиҭеиқәыршәара иазааҭгылеит.Аҳәынҭқарра ахада атәылахьчара аминистрра анапынҵа аиҭеит аамҭа кьаҿк иалагӡаны азакәанԥҵаратә аԥшьгарақәа аздырхиарц. Убри аан Гәынба дазааҭгылеит апроектқәа шазырхиатәу 2027 шықәса цәыббра 1 инаркны амчра аиуртә еиԥш Жәлар Реизараҟны иахәаԥшны ирыдыркыларазы
Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы ҳџьынџьуаа хәыҷқәа рзы еиҿнакаауа аԥхынтәи аԥсшьаратә лагер "Ахьышьҭра" иалахәыз ҳџьынџьуаа 22-ы Аԥсны атәылауаҩшәқәа рыҭан.Абри атәы иҳәеит аилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Басҭаҟәа Агрба.Жәамш рыла атәылауаҩшәҟәқәа роуртә еиԥш иазааԥсаз зегьы иҭабуп ҳәа раҳҳәоит иҳәеит Агрба.
Ахысратәи ахархәаратәи технологиақәа рцентр аадыртуеит Аԥсны.Иара иҳәаақәнаҵалоит ахысратә спортхкқәа рыҿиара, аҵаратәи арккаратәи усура, аспорттә инфраструктура, асоциалтәи ауаажәларратәи программақәа.Аиҿкаара ахантәаҩы Ҭадри Зыхәба иажәақәа рыла, ацентр хықәкы хадас иамоуп — Аԥсны ахысратәи ахархәаратәи зыҟаҵара иҭышәынтәалоу асистема ашьақәыргылара.Ацентр аиҿкаара "Аԥсны Ҿа" аԥшьгарала иаԥҵоу аҿартә еиҿкаарақәа иаку рекосистема иалахәуп.
Ауаажәларратә еиҿкаара "Аиқәырхаҩцәа ҿарацәа Аԥснытәи ркорпус" ареспубликаҿы иаԥҵахоит.Абри атәы рҳәеит "Аԥсны Ҿа" еиҿнакааз "Аҿартә еиҿкаарақәеи, хатәгәаԥхаралатәи аҵысрақәеи, аԥшьгарақәеи рроль" атемала имҩаԥнагоз астол гьежь аҟны.Ауснагӡатә хадақәа иреиуоуп аиқәырхаратә ус аганахь ала аҿар разыҟаҵара, аҭагылазаашьа ҷыдақәа раан ахымҩаԥгашьа дырҵара, раԥхьатәи ацхыраара аҭара.Акорпус аусуразы аҭагылазаашьа ҷыдақәеи егьырҭ ауснагӡатәқәеи рыхҟьаԥҟьақәа раԥыхшьа дырҵаразы иҷыдоу абаза аздырхиоит иахәҭоу амаҭәахәқәа аманы.
Бислан Багаҭелиа Аҟәа ақалақь архитектор хадас дшьақәырӷәӷәоуп.Архитектор хада дшьақәырӷәӷәан аҳҭнықалақь Аизара адепутатцәа реилатәараҿы. Багаҭелиа 2025 шықәса лаҵарамза аахыс архитектуреи ақалақьргылареи рыҟәша анапхгаҩы инапынҵақәа наигӡон."Аҟәа ақалақь архитектор хада иҳасабала иусура доусы абаразы алшара шәыман. Ақалақь ахада иаҳасабала, Бислан Витали- иԥа иусура даара сгәы иахәоит", — азгәеиҭеит Ҭемыр Агрба.
Ашәҟәы "Хьыбла Гьерзмааԥҳа лфеномен" ӡыргахоит афестиваль" Хьыбла Гьерзмааԥҳа шәаалыԥхьоит..." аҟны, нанҳәамзазы.Аконцепциа аиқәыршәаҩы ,автор апоет, ашәҟәыҩҩы Владимир Занҭариа.Ашәҟәы Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә шәҟәҭыжьырҭа иҭнажьит 2025 шықәсазы, уаҟа еидкылоуп ауаажәларратә усзуҩцәа, аҵарауаа, ашәҟәыҩҩцәа, амузыкантцәа, Хьыбла Гьерзмааԥҳа лҩызцәа рочеркқәа, рессеқәа, ргәалашәарақәа, ринтервиуқәа, х- бызшәак – аурыс бызшәа, аԥсуа бызшәа, англыз бызшәа рыла.Аӡыргара мҩаԥгахоит нанҳәамза 1 азы РУСДРАМ аҿы. Нанҳәа 2 рзы Аҟәа имҩаԥысраны иҟоуп— Аԥсуа театр ашҭаҿы раԥхьатәи аџьаз концерт.
Аԥсны Арбџьармчқәа рреформа мҩаԥгахоит.Ари азҵаара иалацәажәеит аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынбеи, Атәылахьчара аминистрра ахада Беслан Ҵәыџьбеи, Аштаб Хада аиҳабы Владимир Савченкои.Урҭ аррамаҵурахьы ааԥхьара асистема аиӷьтәра, арратә еилазаара аҿиара, Арбџьармчқәа реиҭеиқәыршәара иазааҭгылеит.Аҳәынҭқарра ахада атәылахьчара аминистрра анапынҵа аиҭеит аамҭа кьаҿк иалагӡаны азакәанԥҵаратә аԥшьгарақәа аздырхиарц. Убри аан Гәынба дазааҭгылеит апроектқәа шазырхиатәу 2027 шықәса цәыббра 1 инаркны амчра аиуртә еиԥш Жәлар Реизараҟны иахәаԥшны ирыдыркыларазы Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы ҳџьынџьуаа хәыҷқәа рзы еиҿнакаауа аԥхынтәи аԥсшьаратә лагер "Ахьышьҭра" иалахәыз ҳџьынџьуаа 22-ы Аԥсны атәылауаҩшәқәа рыҭан.Абри атәы иҳәеит аилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Басҭаҟәа Агрба.Жәамш рыла атәылауаҩшәҟәқәа роуртә еиԥш иазааԥсаз зегьы иҭабуп ҳәа раҳҳәоит иҳәеит Агрба. Ахысратәи ахархәаратәи технологиақәа рцентр аадыртуеит Аԥсны.Иара иҳәаақәнаҵалоит ахысратә спортхкқәа рыҿиара, аҵаратәи арккаратәи усура, аспорттә инфраструктура, асоциалтәи ауаажәларратәи программақәа.Аиҿкаара ахантәаҩы Ҭадри Зыхәба иажәақәа рыла, ацентр хықәкы хадас иамоуп — Аԥсны ахысратәи ахархәаратәи зыҟаҵара иҭышәынтәалоу асистема ашьақәыргылара.Ацентр аиҿкаара "Аԥсны Ҿа" аԥшьгарала иаԥҵоу аҿартә еиҿкаарақәа иаку рекосистема иалахәуп. Ауаажәларратә еиҿкаара "Аиқәырхаҩцәа ҿарацәа Аԥснытәи ркорпус" ареспубликаҿы иаԥҵахоит.Абри атәы рҳәеит "Аԥсны Ҿа" еиҿнакааз "Аҿартә еиҿкаарақәеи, хатәгәаԥхаралатәи аҵысрақәеи, аԥшьгарақәеи рроль" атемала имҩаԥнагоз астол гьежь аҟны.Ауснагӡатә хадақәа иреиуоуп аиқәырхаратә ус аганахь ала аҿар разыҟаҵара, аҭагылазаашьа ҷыдақәа раан ахымҩаԥгашьа дырҵара, раԥхьатәи ацхыраара аҭара.Акорпус аусуразы аҭагылазаашьа ҷыдақәеи егьырҭ ауснагӡатәқәеи рыхҟьаԥҟьақәа раԥыхшьа дырҵаразы иҷыдоу абаза аздырхиоит иахәҭоу амаҭәахәқәа аманы. Бислан Багаҭелиа Аҟәа ақалақь архитектор хадас дшьақәырӷәӷәоуп.Архитектор хада дшьақәырӷәӷәан аҳҭнықалақь Аизара адепутатцәа реилатәараҿы. Багаҭелиа 2025 шықәса лаҵарамза аахыс архитектуреи ақалақьргылареи рыҟәша анапхгаҩы инапынҵақәа наигӡон."Аҟәа ақалақь архитектор хада иҳасабала иусура доусы абаразы алшара шәыман. Ақалақь ахада иаҳасабала, Бислан Витали- иԥа иусура даара сгәы иахәоит", — азгәеиҭеит Ҭемыр Агрба. Ашәҟәы "Хьыбла Гьерзмааԥҳа лфеномен" ӡыргахоит афестиваль" Хьыбла Гьерзмааԥҳа шәаалыԥхьоит..." аҟны, нанҳәамзазы.Аконцепциа аиқәыршәаҩы ,автор апоет, ашәҟәыҩҩы Владимир Занҭариа.Ашәҟәы Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә шәҟәҭыжьырҭа иҭнажьит 2025 шықәсазы, уаҟа еидкылоуп ауаажәларратә усзуҩцәа, аҵарауаа, ашәҟәыҩҩцәа, амузыкантцәа, Хьыбла Гьерзмааԥҳа лҩызцәа рочеркқәа, рессеқәа, ргәалашәарақәа, ринтервиуқәа, х- бызшәак – аурыс бызшәа, аԥсуа бызшәа, англыз бызшәа рыла.Аӡыргара мҩаԥгахоит нанҳәамза 1 азы РУСДРАМ аҿы. Нанҳәа 2 рзы Аҟәа имҩаԥысраны иҟоуп— Аԥсуа театр ашҭаҿы раԥхьатәи аџьаз концерт.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/07/1d/1064665703_126:0:910:588_1920x0_80_0_0_4ebd5c3e95cb20e10995a4c43f18e4ea.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аудио