Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Еныкь актиор Бадра Ҷантуриа изы: хашҭшьа змам ауаҩы хазына

© Sputnik / Томас ТхайцукПресс-конференция молодежного театра
Пресс-конференция молодежного театра - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иахьа аҵыхәтәантәи имҩахь днаскьаргоит Аԥсуа ҳәынҭқарратә аҿар ртеатр актиор Бадра Ҷантуриа. Уи арадио Sputnik аефир аҟны дигәалаиршәеит Аҿар ртеатр аиҳабы Аслан Еныкь.

 

Еныкь актиор Бадра Ҷантуриа изы: хашҭшьа змам ауаҩы хазына

"Ихьанҭоуп уахгьы-ҽынгьы еицу, зҿаҵа еиҩшаны еицызфо, еибааӡаз ауаа рҟны ас еиԥш арыцҳара ду аныҟало. Иаҳҳәо ҳҿамшәо аҟынӡа ҳнеигеит. Бадра ауниверситет даналга Аҳәынҭқарратә аҿар ртеатр аартра иақәшәеит, уи аахыижьҭеи аус иуан. Ауаҩышьа, аҟазшьа, аҟазара - арҭқәа зегьы злаз ауаҩы хазына иакәын. Атеатр аҿы адекорациақәа ҟазҵо дахьыҟам аҟынтә, уахынла аҩныҟа дымцакәа аҷкәынцәеи иареи идыршон. Аспектакльқәа дыззуклакгьы даара дырзыманшәалан. Згәы ҳалалыз, ицқьаз, аҟазара иеиԥш иазааԥсоз даараӡа дмаҷуп. Схаҿы исзаагаӡом иахьагьы абас машәырла дҳаԥхеит ҳәа, ҳтеатр аҟны даара иаҳцәыуадаҩхоит. Иара ҳгәалашәараҿы еснагь дыҟазаауеит", - иҳәеит Еныкь.

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет "Актиортә ҟазара" аҟәша аушьҭымҭа, Аҳәынҭқарратә аҿар ртеатр актиор Бадра Ҷантуриа машәырла дҭахеит ажьырныҳәа 8 рзы, Риҵа. Иара атеатр иқәнаргылоз аспектакльқәа раӷьырак рҟны ахаҿсахьақәа ааирԥшхьан: "Анаурқәа" - Дамыр; "Аибашьра ахԥатәи амш" - агвардеец, "Дуаҩуп, даамсҭашәоуп" - Ди Џьеннаро, "Амцҳәаҩ даҭахуп" - Врасидас, "Инаԥҳа Кьагәа" - Басиаҭ, "Қьалашьбеи" - Акаԥдан, "Амбжьах лыбжьара" - Педант, "Аҳәынҭқар ҟьантаз" - Генрих, "Ацынҵәарах" - Заурҟан Золак данқәыԥшыз, "Амра анҭашәалак" - Чино, "Ажьақәеи арқьымаҭқәеи" - Азгәышьҩы.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0