Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Гәымԥҳа еиҭалҳәеит COVID-19 змоу ахшараиура иазыԥшу аҳәса Гәдоуҭа ишрыдыркыло атәы

© Sputnik / Томас ТхайцукГлавная медсестра Гудаутской ЦРБ Ия Барзания
Главная медсестра Гудаутской ЦРБ Ия Барзания - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.02.2021
Анапаҵаҩра
Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа амедиеҳәшьа еиҳабы Ииа Гәымба-Барзаниа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит иахьатәи аамҭазы ахшараиурҭаҟны русушьа шеиҿкаау атәы.
Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Гәымԥҳа COVID-19 змоу ахшараиура иазыԥшу аҳәса шрыдыркыло атәы

Астатистикатә рбагақәа рыла 2020 шықәсазы, Аҟәа ақалақь алаумҵозар, иаҳа ирацәаны ахәыҷқәа ахьииз Гәдоуҭа араион аҟны инхо аҭаацәарақәа рҿы ауп.

"Хәажәкыра 24 инаркны ҳара ҳҿы ишьҭан 24 –ҩык ахәыҷқәа. Фҩык анацәа ианԥырҟа ашьҭахь ахшара роуит, егьырҭ рхала ироуит. Иахьатәи аамҭазы Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҟны ирыдыркылоит ачымазара ҿкы COVID-19 зыхьуа, уи иазку аҟәша ыҟоуп, акгьы агӡам, аҳақьымцәа ахшара дзыдызкыло роума, амедеиҳәшьцәа. Ахшараиура иазыԥшу аҳәса акороновирустә чмазара змоу араионқәа зегьы рҟынтәи иҳадаҳкылоит. Убасгьы хазы ицқьоу ауадақәа алхны иҳамоуп, араион ақыҭақәа рҟынтәи иаауа, ахшара дзауа аҳәса рзы. Урҭ рҟынтәи 4-ҩык ахәыҷқәа зауз ыҟоуп", - лҳәеит Ииа Гәымба-Барзаниа.

Лара иазгәалҭеит ахшараиура иазыԥшу аҳәса ишахәҭоу рыдкыларазы Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭа шеиқәшәоу.

Шәазыӡырҩы аудио.

Ажәабжьқәа зегьы
0