Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Амҷыԥҳа еиҭалҳәеит аҿкычымазара ашыкьымҭаз ПЦР анализқәа рыҭҵаарақәа шымҩаԥыргоз

© Foto / предоставила Мактина АмичбаМактина Амичба
Мактина Амичба - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.03.2021
Анапаҵаҩра
ПЦР анализқәа рыҭҵаарақәа ахьымҩаԥырго Аҟәатәи алабораториа аусзуҩы Мактина Амҷыԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит иахьазы аҭҵаарақәа рхыԥхьаӡара иахьынӡагхаз, насгьы ачымазцәа рхыԥхьаӡара анырацәаз ирыцхраауаз атәы.
Амҷыԥҳа еиҭалҳәеит, аҿкы чымазара ашыкымҭаз, ПЦР анализқәа рыҭҵаарақәа шымҩаԥыргоз

"Иахьазы агәаҭарақәа ирхыжьтәу аматериал иаҳа имаҷхеит, мышкы иалагӡаны 250 рҟынӡа ҟаҳҵоит. Ажьырныҳәамза инаркны анализқәа зҭаху рхыԥхьаӡара акыр иагхеит, урҭ рахьынтә ачымазара змоу ҳәа иалкаахазгьы рхыԥхьаӡара акыр имаҷхеит. Ҭагалани аԥхыни анализқәа рхыԥхьаӡара даара ирацәан, мышкы 700 рҟынӡа аматериал анаҳзааргоз ыҟан. Араионқәа рҟнытә иааргоз анализқәагьы рхыԥхьаӡара усҟан ирацәан. Уажәы еиҳа имаҷны иаарышьҭуеит, избанзар, иазҵаауа анализ аҟаҵаразы ауааԥсыра рхыԥхьаӡара маҷхеит. Ҭагаланнӡа ҳара урыстәылантәи аусзуҩцәа цхырааҩыс иҳаман. Ҳҭагылазаашаьа аныбааԥсызҵәҟьа дара даара иҳахәеит", -  еиҭалҳәеит Амҷыԥҳа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0