Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Адлеиба аспорт аҟны дызхысыз азы: иахьа сызлаҟоу ала сҟанаҵеит

© Sputnik / Томас ТхайцукИгорь Адлейба
Игорь Адлейба  - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.04.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсуа спортсмен Игор Адлеиба арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит еиҭахарала ихыркәшахаз аҵыхәтәани иқәгылара дшахәаԥшуа, аспорт инаҭо, гәҭакыс имоу ртәы.
Адлеиба: аспорт аҟны сызхысыз зегьы иахьа сызлаҟу ала сҟанаҵеит

Игор Адлеиба мшаԥы 17 азы Екатеринбург имҩаԥысуаз "Апрофессионалтә бокс ахәылԥаз" аҟны аилахәыра "RCC Boxing Promotions" ахьӡала аринг аҿы дицықәгылеит Украинатәи аспортсмен Александр Абрамиан, "Танк" ҳәа хьыӡшьарас измоу. Дара еиҭахеит ари аиԥылараҟны.

"… сгәы камҳаӡеит, сзықәԥоз аҷкәын даара дыӷәӷәан, ас иахьыҟалаз еиӷьуп, избанзар иаҳа сгәы ԥжәаны сҽазыҟасҵалоит", - иҳәеит Адлеиба.

Аспортсмен иҳәеит ари аиԥылара иреитинг ԥырхага шанамҭо, иаҳа ишышьҭнахуа. Игор иҳәеит аспортсменцәа аиԥылара ахыркәшамҭаз еибырҳәаз атәы. Убасгьы еиҭеиҳәеит профессионалла аҭачкәымҟьара знапы алаку дзықәныҟәо аԥҟара хадақәа ртәы. Игор иҳәеит аԥхьаҟа ахшара иоур, иахьа иара инапы злаку аспорт хкы алырхыр дшазнеиуа атәы.

"Сара сызхысуа зегьы сдыруеит, уи сԥа дахысыр сҭахымызт, аха сызхысыз зегьы иахьа сызлаҟоу ала сҟанаҵеит…Иара иҭаххар ус, мап скӡом, аха мчылагьы дназгаӡом", - иҳәеит Адлеиба.

Шәазыӡырҩы аудио.

Ажәабжьқәа зегьы
0