Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Кәарҷиаԥҳа Галтәи аколлеџь аҟны аскаи-клуб иазкны

© Foto / предоставлено Гундой КварчияГунда Кварчия
Гунда Кварчия - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.06.2021
Анапаҵаҩра
Галтәи агуманитартә коллеџь аиҳабы Гәында Кәарҷиаԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит аколлеџь ахыбраҟны аус зуаз аскаи–клуб аҟны аҿарацәа иддырҵоз, урҭ рдыррақәа ԥхьаҟа рхы иадырхәар ахьрылшо атәы.
Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Кәарҷиаԥҳа Галтәи аколлеџь аҟны аскаи-клуб иазкны

"Иформалтәым аҵараҟны иҿыцуи ааӡара иаҵанакуа азнеишьақәеи" апроект алҵшәақәа еихыршьалеит мышқәак раԥхьа Гал. Уи рхы аладырхәит Гали Тҟәарчали араионқәа рхадацәа.

"Аколлеџь ахыбраҟны ҩышықәса инарзынаԥшуа аскаи-клуб ыҟан. Уи аҿарацәа еиднакылон, ҳастудентцәагьы иргәаԥхан иалалаз ыҟоуп. Еицәажәон, ихәмаруан, имҩаԥыргон еиуеиԥшым аныҳәақәа, уи адагьы аҵара ахьырҵаша, аусурҭа шырԥшааша, абизнес-планқәа рыҩра уҳәа рзы ицхыраагӡан. Уи аамҭазы ҳара ҳколлеџь аҟны ахәыҟаҵаҩ изанааҭ ала акурсқәа еиҿаҳкаауан, аклуб аҟынтәи быжьҩык аҿарацәа ааргеит… Мчыбжьык ауп инхаз, шықәсык аҵара зҵоз ауҳажьырц азы. Аусурҭа атәы ҳҳәозар, заанаҵы ҳрацәажәан, иҟоуп Гагра, Риҵа ицо, иҟоуп Гал ақаҳуажәырҭаҟны, ачаӡырҭаҟны аус зуа", - лҳәеит Кәарҷиаԥҳа.

Шәазыӡырҩы аудио.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0