Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Ҷыҭанаа аӡиас Гәымсҭа ацқьара иазкны

© Sputnik / Томас ТхайцукСавелий Читанава
Савелий Читанава  - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.07.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны аекологиазы аҳәынҭқаратә еилакы аханатәаҩы Савели Ҷыҭанаа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит ицқьоу аӡиас Гәымсҭа аԥсабара атәы.
Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Ҷыҭанаа аӡиас Гәымсҭа ацқьара иазкны

"Аԥсны аӡқәа рыцқьара атәы еицгәарҭахьоу усуп. Гәымсҭа аӡиас 30-33 километра рҟынӡа аура амоуп. Ахы ыҵнахуеит ашьха каҵәара аҟынтә 2300 метра аҳаракыра аманы. Уи ацқьара зыбзоурахаз, иара аӡиас ахы инаркны амшын иахьалало аҟынӡа нхарҭа ҭыԥк ыҟаӡам, ашәаԥыџьаԥ иалсуеит. Кавказ иреиҳау ахьара Гәымсҭа аҩхааҿы иҟоуп. Афымцатә станциа зҭагылоу аладатәи Гәымсҭа ауп. Аекологиа иаԥырхагаханы ҳәа зынӡа иҟам, ҳәарада, иара ыҟамзар еиҳагьы ибзиахон, аха имаҷӡаны ааха анаҭоит аекологиа", -  еиҭеиҳәеит Ҷыҭанаа.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0