Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Қапԥҳа еиҭалҳәеит Аҟәатәи ашкол-интернат аусура шеиҿкаахо

© SputnikЛариса Капба
Лариса Капба - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.08.2021
Анапаҵаҩра
Аҟәатәи ашкол-интернат аиҳабы Лариса Қапԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит рышкол аҟны аҵара аусура шеиҿкааз, аԥхьаҟагьы ишазгәаҭоу атәы.
Қапԥҳа еиҭалҳәеит Аҟәатәи ашкол-интернат аусура шеиҿкаахо
Цәыббра аказы аҵарашықәс ҿыц хацыркхоит. Хыма-ԥсыма аҽазыҟаҵарақәа ирҿуп аҭаацәагьы, ашколхәыҷқәагьы. Арҵаҩцәа ракәзар, урҭ еснагь ихиоуп ҳәа агәаанагара ыҟоуп, аха аамҭа иаҳзаанагаз аԥҟара ҿыцқәа аҵыхәтәанынӡа ирызыхиоу уаҩ дыҟамзар ҟалап. Ус шакәугьы аҽақәыршәара ахәҭоуп.
"Иаҳхысыз ашықәс азы аинтернат аҟны иаԥҵан ашәагазагақәа ирықәшәо аусура. Егьырҭ ашколқәа рҟны аҵаҩцәа рхыԥхьаӡара даара ирацәазар, ҳара ҳҟны 190-ҩык ыҟан. Акласстә уадақәа ҭбаауп, илашоуп, насгьы 22 - ҩык иреиҳаны ахәыҷқәа џьаргьы итәаӡам. Уи агәыӷра ҳанаҭоит ишахәҭоу ҳаиқәшәоуп ҳәа, ииашаны иманшәаланы еиҿкаан. Ҳара инеиԥынкыланы фымш аус ҳуан амчыбжь азы, уи ибзианы ианыԥшит апрограмма ахьӡараҟны. Ачымазара аҩбатәи акарантин ашьҭахь ҳанҭыҵ, убасҟан иҳаласит. Уадаҩрас иҟоу, аҭаацәа рхәыҷы ачымазара имазар, ирӡоит. Уи маҷк ҳаиҵанархеит, изхьысыз арҵаҩцәагьы ҟалеит, ҳусура хәыҷык иааннакылеит", - лҳәеит Қапԥҳа.
Шазыӡырҩы аицәажәара иаҳа инарҭбааны аудиофаил аҟны.
Ажәабжьқәа зегьы
0