Рыдуан Ажəанба: Аҧсназы иҟасҵазеи иахьа ҳəа ихəыцлар бзиоуп ҳауаажəлар

© Foto / Сырма АшәԥҳаРыдуан Ажәанба
Рыдуан Ажәанба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Шәаҧхьарц ишәыдаагалоит Sputnik акорреспондент Сырма Ашәҧҳа имҩаҧылгаз Аҧсны иаҭааны иҟоу ҳџьынџьуаҩ Рыдуан Ажәанба иҿцəажəара.

Сырма Ашәҧҳа, Sputnik

Рыдуан Ажəанба дынхоит Ҭырқəтəыла, Сҭампыл ақалақь аҿы. Дҭаацəароуп, димоуп аҧа. Иашьа Шьандуан Ажəанба Аҧсны Аџьынџьтəылатə еибашьра далахəын, иахьа ихы-игəы дақəгəырҕьо дынхоит иҧсадгьыл аҿы. Араҟа изҳауеит иашьа иҧа Нарҭ. Рыдуани сареи ҳаиҿцəажəара хацыркхеит иашьа Шьандуан ила.

"Сара сашьа аибашьра аҧхьа Аҧсныҟа даахьан, сыуаажəлар, сыҧсадгьыл збап ҳəа. Ара дшыҟаз ауп аибашьра шихьӡазгьы, излаилшоз ала деибашьит, ахəрақəакгьы иоуит. Иҧсадгьыл аҿаҧхьа идыз иуал наигӡеит ҳəа сазнеиуеит ихымҩаҧгара сара", — иҳəеит Рыдуан Ажəанба.

Рыдуан излаиҳəо ала, Шьандуан аибашьраҿы ахəрақəа аниоу, аҽыхəышəтəразы Ҭырқəтəылаҟа дцеит. Аха, ҽеила иҽихəышəтəаанӡа ҩаҧхьа Аҧсныҟа ддəықəлеит.

"Уабацои уара угəабзиара шьақəургылаанӡа?— ҳəа ҳаниазҵаа, "Аҧсныҟа сымцар ҟалаӡом, уа аибашьра ыҟоуп, знык шəыла иабандаз уа имҩаҧысуа, нас ус сашəҳəозар жəбарын…" — иашьа иажəақəа игəалаиршəоит Рыдуан.

Аибашьраҿы иҭахаз, Аиааира зыҧсы ақəызҵаз аибашьцəа гəыблыла игəалаиршəон Рыдуан. Иара ибзианы еиликаауеит Аҧсадгьыл ахьчаҩцəа ирыбзоураны иахьа рџьынџь дгьыл ишаҭаауа аамҭаказы ахҵəара иақəшəаз аҧсуаа, ара рашьцəеи дареи еибабартə, еигəныҩыртə еиҧш иҟоу аҭагылазаашьа, аҭынч ҧсҭазаара дара ишрыбзоуроу.

Англиа инхо ҳџьынџьуаҩ Аиҭур Жьиба - Sputnik Аҧсны
Зҭоурыхтə ҧсадгьыл ахь ихынҳəуа рзы еснагь ашəқəа ҟьаҟьаӡа иаартуп

Рыдуан игəалаиршəоит 25 шықəса раҧхьа Трабзонынтəи ҕбала Аҧсныҟа дшааз атəы зҳəо ахҭысқəа.

"Аҕба саақəҵын сшьапы адгьыл ианықəсыргыла, иаразнак иснырит уи амч, сыҧсадгьыл гəакьа шакəыз здырит. Азныказы сгəы ааиҭаҧеит, схəы-сжьы неилагылеит. Аибашьра ашьҭахь ауадаҩрақəа рацəан, сара сыблаҿ иааиуаз зегьы бзиарала икəыршан, хымҧада угəы узырхьуаз ахҭысқəагьы шмаҷмызгьы. Аҧсны ҧшӡа еилаҧыхха иҟан, адгьыл гəынқьуан", — ихəыцрақəа еиҳа-еиҳа дыргəыланахалон Рыдуан Ажəанба.

Рыдуан Ажəанба уи ашьҭахь акыраамҭа Аҧсныҟа дзымаацкəа дыҟан. Фымз раҧхьа дааны даныҟаз, иҧсадгьыл зынӡа даҽа блак ала изааит.

"Сахьынаҧшааҧшуаз избаратəы иҟан Аҧсны аизҳазыҕьара амҩа ишану, аиҭашьақəыргыларатə усурақəа шцо. Анцəа ихазы иалхны иҳаиҭаз аҭыҧ аҿы сшыҟаз, уигьы сара сыҧсадгьыл Аҧсны шакəыз," — дҳацəажəон Рыдуан.

Рыдуан иҧсадгьыл азы игəҭахəыцрақəа ҳацеиҩишеит. Иҭахуп аҧсуара раҧхьа иргыланы досу инапы злаку аусқəа ҳəаақəиҵаларц.

"Аҧсназы иҟасҵазеи иахьа ҳəа ихəыцлар бзиоуп ҳауаажəлар. Ҳаидгылар, ҿык ҳаицҭацəажəар ҳусқəа рыҽдырҽеиуеит. Аӡəы анахь дахо, егьи арахь дахо иҟалар, акагьы ҳаҧсамкəа ҳҟалоит, иҽеихаӡом", — ҳəа азгəеиҭоит Ажəанба.

Владимир  Агрба - Sputnik Аҧсны
Владимир Агрба: аҧсуара иамоу агьама мыӡроуп

Рыдуан игəаҳəарақəа зегьы иреиҳауп Ҭырқəтəыла инхо аҿар рыҧсадгьыл ахь нхара ҳəа раара. Иара ҿырҧштəыс дааигеит Аҧсныҟа уажəы ицааз иаҳəшьаҧа Аиҭур Жьиба.

"Иара Англиа дынхоит, иҭахуп иҭаацəа иманы Аҧсныҟа наӡаӡа ҳəа ахынҳəра. Ара днаҧшааҧшит, ҩаҧхьа деиҭаауеит. Иусқəа шьақəыргыланы, сынхаҵəҟьар сылшоит уажəшьҭа ҳəа анигəахəлак, хымҧада даауеит", — иҳəеит Рыдуан Ажəанба иаҳəшьаҧа диеигəырҕьо.

Рыдуан Ажəанба Ҭырқəтəыла дызлыҵыз ақыҭа Чақалық ахьӡуп. Уа иныҟəыргоз аҧсуара, излацəажəоз аҧсуа бызшəа иахьагьы игəы иҭнымҵəо иҭоуп, уи азы иеиҳабацəа аџьшьара риҭоит.

"Ҭырқəшəала шəымцəажəан, ҧхашьароуп, шəара шəаҧсацəоуп ҳəа ҳарҳəон ҳаиҳабацəа. Рахраҭ бзиахааит, усҟан иҳадмырҵазҭгьы ҳбызшəа, иахьа шəареи ҳареи ҳазлеицəажəоз, уи рыцҳара духон", — ҳəа ихатəы бызшəа дахӡыӡаауа дҳацəажəон Рыдуан.

Нарҭ Ҭлыша - Sputnik Аҧсны
Нарҭ Ҭлыша: сара ҩ-бџьарк сымоуп, акы – абызшәа, аҩбатәи - ақьабз

Рыдуан Ажəанба иан д-Кəаӡҧҳауп, Маҳмурие лыхьӡын, уи лан Жьиҧҳан, Мина лыхьӡын. Иаб иан Ҳəынтышьаа дреиуан, Асиа лыхьӡын. Рыдуан иабду, иан лаб ибзианы дихаанын. Игəалашəоит Аҧсны рыҧсы ахҭынҵаны ишалацəажəалоз. Шықəсқəак раҧхьа сара хаҭала саҭаахьан Рыдуан дызлыҵыз иқыҭа Чақалық. Абарҭ ахҭысқəа данрылацəажəоз иаразнак сыблаҿы даацəырҵит иахьа зыдунеи зыҧсаххьоу иан Маҳмурие Кəаӡҧҳа. Ҭырқəтəыла, лара дахьынхоз лашҭа ҳанааҭала, даҳҧылеит аҧҳəыс бырг лхы-лҿы еихаччо лкасыш лхаҵаны. Аҧснынтə ҳбара акыр деигəырҕьауа, лгəазхара ҳалзымбауа ирацəан дызлыҵыз лыуаажəлар Аҧснаа ирызкны дзызҵаауаз. Ҵыхəаҧцəара рымамызт ажəытə-аҿатə иадҳəалаз ахҭысқəа, агəалашəарақəа… Анцəа иџьшьаны Аҧсуа телехəаҧшреи арадиои рархивқəа рҿы еиқəханы иҟоуп усҟан иазҳархиаз лара илызку анҵамҭақəа. Рыдуан Ажəанба иан дшыздыруаз, рыҩнаҭа сшаҭаахьаз аниасҳəа акыр игəы иахəеит.

"Ҳаимадара ҳазшаз имырӡааит. Ҳхатəы бызшəала аҷҷаҳəа ҳаицəажəо, ҳ-Аҧсынра ҧшӡахо, иқəынхо ауаажəларра агəабзиара рыманы, аихьӡарақəа рыманы ҳазшаз иҟаиҵааит!" — абас ҵыхəаҧцəара рымамызт Рыдуан Ажəанба иныҳәаҧхьыӡқəа.

Ажәабжьқәа зегьы
0