Зҭоурыхтə ҧсадгьыл ахь ихынҳəуа рзы еснагь ашəқəа ҟьаҟьаӡа иаартуп

© Foto / Сырма АшәԥҳаАнглиа инхо ҳџьынџьуаҩ Аиҭур Жьиба
Англиа инхо ҳџьынџьуаҩ Аиҭур Жьиба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Шәаҧхьарц ишәыдаагалоит Sputnik акорреспондент Сырма Ашәҧҳа имҩаҧылгаз Англиа инхо ҳџьынџьуаҩ Аиҭур Жьиба иҿцəажəара.

Сырма Ашәҧҳа, Sputnik

Арҭ амшқəа рзы Англиантəи зҭоурыхтə ҧсадгьыл иаҭааны иҟаз ҳџьынџьуаҩ Аиҭур Жьиба Аҧсныҟа ҩынтəуп даауеижьҭеи. Раҧхьаӡакəны иабдуцəа рџьынџь дгьыл ишьапы ықəиргылеит сынтəа хәажәкырамзазы. Иара излаиҳəаз ала, ианшьа, ара инхо, Аҧсны Аџьынџьтəылатə еибашьра аветеран, Леон иорден занашьоу Шьандуан Ажəанба игəабзиара ахьуашəшəыраз ибара ҳəа дааит. Знык Аҧсны ишьапы анықəиргыла уи амч дыхнамхырц залшозма!

Аиҭур Жьиба диит Ҭырқəтəыла, Дузџьа иаҵанакуа Амҷқыҭ (Амҷаа рқыҭа) ҳəа иахьашьҭоу аҭыҧ аҿы. Аижəлантəқəа Амҷаа ирыланхоз уи ақыҭаҿы Аиҭур иҭаацəа заҵəык ракəын. Иара дазгəыдуны иҳəоит Ҭырқəтəыла инхо Жьиаа рхыҧхьаӡара акыр ишырацəоу. Аиҭур Ҭырқəтəыла дызҭаз иҵара аныхиркəша ашьҭахь, дцоит Англиаҟа, иахьа уа аус иуеит. Аиҭур дҭаацəароуп, ҩыџьа ахшара Дреи Андерини драбуп. Аиҭур ианшьа Рыдуан Ажəанба дицноуп Аҧсныҟа дшааз уажəы.

Черное море - Sputnik Аҧсны
Иунал Гәыргәлиа: даара игәнызгоит аԥсышәала ицқьаӡаны сахьзымцәажәо

Аиаша шəасҳəоит, сара сдиктофон аашьҭысхын Рыдуан иҿцəажəаразоуп раҧхьа амҩа сшықəлаз, Ҭырқəтəылантəи аҧсыуак даан дыҟоуп ҳəа ансаҳа. Рыдуани Аиҭури еицны ианаасҧыла, аби ҧеи ракəыз џьысшьеит. Аҧсшəақəа анааибаҳҳəа, раамҭа зламаҷыз ала, Рыдуан иҿцəажəара сналагеит. Аиашазы иаҧсшəа акыр ухнахыртə иҟан Рыдуан. "Ари ишəыцоу шəҧа иоума?" ҳəа саниазҵаа, "мап, ари саҳəшьаҧа иоуп, д-Жьибоуп, Англиа дынхоит" иҳəеит.

Рыдуани сареи ҳаиҿцəажəара аныхҳаркəша, Аиҭури сареи иааигəаны ҳаибадырырц сҭаххеит, аха аҧсышəала дцəажəоит ҳəа сыҟамызт. Сызҵаарақəа аҧсышəала рҭак ҟаиҵо даналага, иаразнак исыӡбеит ижəлантəқəа Жьиааи иареи еиҿсырцəажəарц. Сҩызцəа Радеи, Саидеи, Алинеи ираҳартə иҟасҵеит, аҭел сырзасит. Уи иара, хымҧада, акыр игəы иахəеит. Аха, изеибабартə еиҧш аҭагылазаашьа уажəазы иҟамлеит, избанзар иара уи аҽны Англиаҟа амҩа дықəлон. Саида Жьиҧҳаи иареи ҭелла реицəажəара алыршахеит.

Аҭыҧхацəа еицҿакны ирҳəаз акоуп: "Ҳаҧсы ицуп ҳашьа, дабаҳзыҧшаари, дабаҳбари?" — ҳəа нҵəара рықəмызт рызҵаарақəа. "Шəашьеи шəареи уажəала шəеибабара залымшахазаргьы, исахьа ҭыхны ишəзынасышьҭуеит", — сҳəан, ҭелла исахьа ҭыхны ирзысышьҭит. Аиҭур ажəа сиҭеит даҽазны дшаауа, иашьцəеи иареи еибабарц шиҭаху, иабашьҭра Аҧснынтə иахьықəҵыз аҭоурых аилкаара дшашьҭало.

"Сара саб Бурҳан иҧсҭазаара далҵхьеит, сан Реиҳан лыхьӡуп, Аҧсныҟа даахьеит. Сан лан Кəаӡҧҳауп, Саб иан Мгьалҧҳауп. Сыҧсадгьыл сыҧсы алоуп", — абас ҳаицəажəара хацҳаркит Аиҭури сареи.

Аиҭур аҧсшəа акыр иџьаушьаратəы иҳəоит. "Аҧсшəа уара уахьынхо уиаҟара ахархəара амамзар акəхап, излаухамшҭзеи?" — ҳəа саниазҵаа, дааҧышəарччан ус иҳəеит:

Семья Нусрета Ахба - Sputnik Аҧсны
Нусреҭ Ахба: ҳхы-ҳгәы ҳақәгәырӷьо ҳаԥсадгьыл аҿы ҳанхоит

"Аҧсшəа сара сбызшəоуп. Сабацəа, сабдуцəа злеицəажəоз абызшəоуп. Сара схəыҷаахыс сыҩнаҭаҿы исаҳауаз аҧсуа бызшəа акəын. Сани саби инарҷыданы издыруа, сызлацəажəо аҧсшəа лыбзоуроуп сара санду, саб иан Мгьалҧҳа Фериде. Лара даара иҧшӡаны дцəажəон аҧсышəала, аҭырқəшəа уамак илыздыруамызт", — гəыблыла дҳацəажəон Аиҭур.

Аиҭур иҧсадгьыл акыр дыхнахит, ииҳəарц ииҭахыз зегьы ажəада иблақəа ирхубаалон. Араҟа дзықəшəаз аҧсуаа, иаҳаз аҧсшəа, ишьапы зықəиргылаз идгьыл, дызҿыхəаз аӡыхь, арҭқəа зегьы Аҧсныҟа имыҧхьар ҟалома?! Даҽазны данаауа иҭахуп Жьиаа рқыҭахь дцарц, иашьцəа ибарц. Уажəазы аҳəара ҟаиҵеит исалам ҧха иашьцəа ҳара ҳала иранаҳшьарц. Хымҧада, игəаҳəара ахьынӡаҳалшо инаҳагӡоит.

Аиҭур излаиҳəо ала, Англиа инхо аҧсуаа рхыҧхьаӡара рацəамзаргьы аибабара рыбжьоуп. Ешьым Аҭрышҧҳа напхгара зылҭо рхеилак алахəцəа мызкахь знык еиқəшəоит, рыгəҭыхақəа, ргəазыҳəарақəа еибырҳəоит, рҭоурыхтə ҧсадгьыл акыр иазҿлымҳауп.

"Ааигəа Аҧснынтə Англиа иҟаз аҧсуа шьапылампыласыҩцəа рбара акырӡа ҳаигəырҕьеит. Уи ҳара ҳзы акыр игəырҕьахəу, Аиааира ду зцыз хҭыс дуны иҳадаҳкылеит", — ҳəа азгəеиҭеит Аиҭур Жьиба.

Аиҭур Жьиба — згəы былуа, зыҧсадгьыл иаҟəыгоу аӡə иаҳасаб ала, акыр дазхьаауеит Аҧсынра. Иҭахуп аибабарақəа рҳəаа амҽхак ҭбаахарц. Иара дазгəыдуны иҳəеит, Аҧсны Аиааира амш ныҳəазы Англиантəи иаауа аҧсуаа шыҟоу. Хымҧада, ҳарҭ ҳашьцəа ҳгəы хыҭ-хыҭуа ҳарзыҧшуп. Аҧсадгьыл иаҭаауа аҧшəмацəа рзы еснагь ашəқəа ҟьаҟьаӡа иаартуп, гəыблыла ирҧылоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0