Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы аминистрраҟны аныҳәатә еилатәара мҩаԥысит

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсадгьыл ахь архынҳәразы аминистрра Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра иалахәыз аԥсуа диаспора ахаҭарнакцәа 75-ҩык амедалқәа ранаршьеит
Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы аминистрра Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра иалахәыз аԥсуа диаспора ахаҭарнакцәа 75-ҩык амедалқәа ранаршьеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы аминистрра 26 шықәса ахыҵра азгәаҭан Аҟәа, хәажәкыра 25 рзы.

АҞӘА, хәажәкыра 25 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы аминистрра Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра иалахәыз аԥсуа диаспора ахаҭарнакцәа 75-ҩык амедалқәа ранаршьеит.

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра иалахәыз ҳџьынџьуаа амедалқәа ранашьара
Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы аминистрраҟны аныҳәатә еилатәара мҩаԥысит - Sputnik Аҧсны
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра иалахәыз ҳџьынџьуаа амедалқәа ранашьара

Аминистр Беслан Дбар еизаз ирзеиҭеиҳәеит аминистрра ашьаҭаркра аҭоурых.

"Аԥсназы реиҳа иуадаҩыз аамҭақәа раан, Марттәи ажәылара мчыбжьык аахылахьаны, Владислав Арӡынба инапы аҵаиҩит арепатриациазы аилак ашьаҭаркразы Аусԥҟа. Иҟаз ауадаҩрақәа ирыхьмырԥшыкәа, ҳџьынџьуаа рыԥсадгьыл ахьчараз абџьар шьҭыхны игылеит. Иахьа урҭ рхаҭарнакцәа алахәуп ареспублика аекономикатә, аполитикатә, асоциалтә усхкқәа рымҩаԥысра. Ари ишьақәнарӷәӷәоит Арӡынба ианаамҭаз инапы зҵеиҩыз ашәҟәы аиашара, иажәақәа "Аԥсуа ҳәынҭқарра адиаспора рыда аҿиара аиуам" актуалра", - иҳәеит иқәгылараҟны Дбар.

Рауль Хаджимба - Sputnik Аҧсны
Арадио
Ҳаџьымба: ҳџьынџьуаа ирыцныҟәатәуп, адгылара рыҭатәуп

Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба иазгәеиҭеит ҳџьынџьуаа Аџьынџьтәылатә еибашьра ралахәреи атәыла жәларбжьаратәи аҿиареи рҟны рылшарақәа ирымоу аҵак ду.

"Аибашьраан ҳџьынџьуаа ҳажәлар ргәы шьҭырхуан. Рыцхыраара ахәшьара ду амоуп. Аҭынч аамҭазы еиҭакрақәак ҟалазаргьы, Аԥсны уаҵәтәи аԥеиԥш шәара ишәыдҳәалоуп", - иҳәеит иара.

Атәыла ахада иқәгылара ашьҭахь Ҭырқәтәыла, Иорданиа, Шьамтәыла, Нхыҵ Кавказ рхаҭарнакцәа Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа амедалқәа ранашьан.

"Ҳалшарақәа зегьы Аԥсны аҿиара иазырхоуп. Иҭабуп ҳәа расҳәарц сҭахуп зҭоурых ԥсадгьыл иазаанханы аҿиара иацхраауа. Ҳара ара ҳанхароуп, аҭаацәарақәа аԥаҳҵалароуп, ареспублика аҿиара ҳацхраалароуп", - иҳәоит апарламент адепутат Таифун Арӡынба.

1993 шықәса хәажәкырамза 23 рзы еиҿкаан ҳџьынџьуаа ирызку Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы Аҳәынҭқарратә еилакы.

Аҧсны Аҳәынҭқарра аҿаҧхьа хықәкы хаданы иқәгылаз, иахьагьы иқәгылоу аҧсуа-абаза диаспора аҳәаанырцә иҟоу реимадара арӷәӷәареи, реиҿкаареи, арыцхраареи ауп, иара убас рыҧсадгьыл ахь ахьарҧшреи рџьынџь ахь рырхынҳәреи. Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы аминистрра зыҧсадгьыл ахь ихынҳәыз ҳџьынџьуаа рџьынџьдгьыл аҟны адаптациа иахысаанӡа аҭагылазаашьа бзиа рыҭара иазынархоуп.

Беслан Дбар - Sputnik Аҧсны
Арадио
Дбар аԥсадгьыл ахь архынҳәра иазкны: 2018 шықәсазы арекордтә рбагақәа ҳауит

Аҧсны Аҳәынҭқарра аконституциа "Арепатриант изы" азакәан инақәыршәаны, ҳара ҳџьынџьуаа, ҳабдуцәа, урҭ рабдуцәа, XIX ашәышықәса анҵәамҭазы изныкымкәан ахҵәара зықәшәаз, зыҧсадгьыл аанызмыжьыр ҟамлаз рхыҧхьаӡара рацәаӡоуп. Урҭ рахьтә ихынҳәыз ҳџьынџьуаа рхаҭарнакцәа хәышықәса рыҩнуҵҟа арепатриант истатус иаҵанакуеит.

Хәышықәса рыҩнуҵҟа Аҧсадгьыл ахь архынҳәразы Аҧсны Аҳәынҭқарратә еилакы ирыцхраауеит, ирырҭоит анхарҭа ҭыҧқәа, адгьылқәа, аусуразы аҭыҧқәа рзырҧшаауеит, афинанстә цхыраарагьы ҟарҵоит, атәылауаҩра рырҭоит, аҵара зҵо рҵара ахәҧса рхахьы иргоит (ахәыҷбаҳчақәеи ашколқәеи), иара убас иреиҳау аҵараиурҭа иҭоу, зымч ақәымхо аҵара ахә ахшәаара иналак-аалакны ирыцхраауеит.

1995ш. Аҧсадгьыл ахь архынҳәразы Аҧсны Аҳәынҭқарратә еилакы ҩ-хәҭакны аҽашеит: Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахадараҿы ҳџьынџьуааи ҳареи ҳаимадареи, иара убас адемографиатә фонди ҳәа.

1997 шықәсарзы ҩ-хәҭакны еиҟәыхыз еиҭах еидырҵеит.

аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы аминистрра асоциалтә-бзазаратә ҟәша аиҳабы Алиас Нанба  - Sputnik Аҧсны
Арадио
Нанба еиҭеиҳәеит ҳџьынџьуаа ироуа амедицинатә цхыраара атәы

Аҧсадгьыл ахь архынҳәразы Аҧсны Аҳәынҭқарратә еилакы аҟны 1990 ш. иаҧҵан афонд (абиуџьет иатәымыз).

Иҟоу адыррақәа рыла, Аԥсныҟа нхара иааз ҳџьынџьуаа рхыԥхьаӡара 4 нызқьи бжаки рҟынӡа инаӡоит. 11 нызқьҩык рҟынӡа атәылауаҩра рымоуп.

Еиуеиҧшым аамҭақәа рзы аҧсадгьыл ахь архынҳәразы Аҧсны Аҳәынҭқарратә еилакы анапхгара арҭон: Ашәба Нугзар Нури-иҧа, Аҩӡԥҳа Фениа Михаил-иҧҳа, Допуа Гиви Хонел-иҧа, Шьынқәба Апполон Естат-иҧа, Мықәба Анзор Кока-иҧа, Адлеиба Зураб Қыбеи-иҧа, Џьопуа Хьрыҧс Радион-иҧа, Ҳаразиа Вадим Никәала-иҧа. Иахьа уи напхгара азиуеит Дбар Беслан Андреи-иҧа.

2018 шықәса мшаҧымза 30 рыҟнытә Аҧсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа реилазаара ашьақәырҕәҕәаразы Ахада Иусҧҟа инақәыршәаны Аҧсадгьыл ахь архынҳәразы Аҧсны Аҳәынҭқарратә еилакы аҧсадгьыл ахь архынҳәразы аминистрра ҳәа иеиҭакуп.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0