АҞӘА, ԥхынгәы 23 - Сырма Ашәԥҳа, Sputnik. Абираҟ милаҭк аҳасабала ажəлар шьақəзыргыло ахәҭақәа ируакуп ҳәа иԥхьаӡоуп. Адунеи аҿы егьырҭ аҳəынҭқаррақəагьы налакны, аԥсуаа ҳахьынхозаалак ҳбираҟ ҳгəы иҭаҵәахуп, ҳгəаҵа иҭоуп. Абираҟ - зегь раԥхьа иргыланы амилаҭтə хдырра иасимволуп. Ҳаԥсуа бираҟ шəыршəыруа уи амҵа наунагӡа зегь ҳаиднакылоит, аринахысгьы ус иҟалароуп.
Ҭырқəтəылатəи Ареспубликаҿы ииз, иааӡаз, уаҟа зҵарадырра еиззырҳауа ҳџьынџьуаа иарбан бираҟзаалак пату шақəҵатəу ихəыҷаахыс иддырҵон, иддырбон, ус еиԥш иахьырыгӡеит.
"Иарбан бираҟзаалак ҳаҭыр ақəҵатəуп. Избанзар, милаҭк иртəуп, милаҭк ирҿахəҳəагоуп, милаҭк унардыруеит. Убри амилаҭ иақəуҵо апатугьы абираҟ ала идурдыруеит. Убриазы абираҟ ҵаҟа икажьымзароуп, абираҟ ҟьашьымзароуп, икəыкəны иҟамзароуп, ицқьазароуп, еиҳа иахьеиӷьу аҭыԥ аҟны иҟазароуп. Адəаҿы иҟазар еиҳа иахьеиӷьу ицқьашəқьаӡа иахьыҟоу ишəыршəыруа икнаҳазароуп, ҳбираҟ убас пату ақəзароуп ҳəа сазхəыцуеит", - иҳəеит Аҭанур Аҟəысба.
Аԥсуаа ахьынхозаалак, хымԥада Абираҟ амш иҷыдоу ныҳəаны ирыдыркылоит, рхы-ргəы иҭоуп, рыԥсы ахҭынҵатəызар - иахҭнырҵоит. Рыҩнаҭақəа рҟны акəзар - иреиӷьӡоу аҭыԥ азалхуп, рыхшара иреилдыркаауеит аԥсуа бираҟ иамоу аҵакы.
"Ҭырқəтəыла, есышықəса иазгəаҳҭоит аԥсуа бираҟ амш. Аԥсуа Федерациа иалоу аԥсуа дернеқьқəа руак ахахьы иагоит ари аныҳəа азгəаҭара. Аусура амшқəа ианрықəшəо, аԥсшьарамшқəа раан иҟаҳҵоит. Ҵыԥх Есқьышьеҳир иазгəаҳҭеит, уи аԥхьа Сҭампыл иҟаҳҵеит Черкесски, Аԥсни, Ҭырқəтəылеи еимаданы. Сынтəа ара иҟалаз аӡхыҵра ҳқыҭақəа ааха ӷəӷəа рнаҭеит, убри амшала маҷк шьҭахьҟа иаанхазшəа ҟалеит, аха уи азгəаҳҭараны ҳаҟоуп", - ҳəа азгəеиҭеит Аҭанур Аҟəысба.
Аԥсуа Федерациа аиҳабы Аҭанур Аҟəысба излеиҳəаз ала, Ҭырқəтəыла инхо аԥсуаа абираҟ рыбла ҷыц еиԥш иахӡыӡаауеит, иазгəыдуунгьы иныҟəыргоит, иуанҭаны иԥшӡаӡа ахатə ҭыԥ азылхны ирымоуп.
"Ҳашəҵатəқəа еснагь иҳамоуп, ҳхы шьҭыхны иныҟəаҳгоит. Сара официалла аҳəынҭқарратə усбарҭақəа рахь санцо, аминистррақəа рахь акəзааит, егьырҭ аусбарҭақəа рахь акəзааит, хымԥада саԥхьа иаркны сцоит. Ирбоит ҳбираҟ пату шақəу, ҳгəы ишҭоу. Ҳбираҟ азы ҳаԥсҭазаара мап ацəаҳкуам. Абираҟ ҵаҟа ианкаҳауа, ауаҩытəыҩса ихаҭа дкаҳаит ауп иаанаго, ахааназы ҵаҟа икамҳароуп. Убас еиԥш жəаԥҟак ыҟоуп: "Абираҟ баираҟхаӡом уи азы зыԥсы ақəызҵаз ишьа амамзар, атəыла тəылаӡам зыԥсы ахҭнызҵаз ишьа аламзар", - иҳəеит Аҭанур Аҟəысба.
Аԥсадгьыл ахақəиҭразы иқəԥоз ҳажəлар ршьала иҿыху ҳаԥсуа бираҟ ԥшӡа аԥсуаа рхы-ргəаҿы аҭоурыхтə ҭыԥ аманы наунагӡа иаанхоит. Убри иазхəыцны хымԥада пату ақəҵалатəуп.
"Сара зны-зынла избалоит адунеи егьырҭ аҳəынҭқаррақəа рҿы џьара ианеизалак, аҳəынҭқарқəа рхадацəа ахьгылаша ршьапаҵаҟа абираҟқəа анырҵоит, асахьақəа ҟазҵо ирдырразы ршьапаҵаҟа абираҟ ыҟоуп. Ушьапыла уахьгыло аҵаҟа абираҟ асахьа ҟамлароуп. Абираҟ ҳаракны иҟазароуп. Ҳаԥсуа бираҟ еиҳа иахьҳараку ицқьаӡа икнаҳазароуп, ҳаҩнқəа рҿгьы, ҳамаҭəақəа рҿгьы ицқьаӡа иҳамазароуп. Ҳаԥсадгьыл азы зхы ақəызҵаз ршьа алоуп, пату ақəҵатəуп", - ҳəа азгəеиҭеит Аҭанур Аҟəысба.
Иара агәра ганы дыҟоуп ҳбираҟ пату анақəаҳҵалак, убри ахəыцшьа анҳаулак, ҳара наунагӡа акымзаарак шаҳмыхьуа.
Ҳаргьы уи игәрагара ицеиҩаҳшоит.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
-
Ахақәиҭра асимвол: Аԥсны абираҟ ацәырҵра аҭоурых
-
Ашәба: аԥсуаа еснагь ҳаззықәԥоз ҳбызшәеи, ҳбираҟи, ҳҳәынҭқарреи амшқәа - иԥшьоу мшуп
-
Ажәытәи аҿатәи ахьеилаӡҩо: ҳбираҟ ԥшьа ҳазнықәуа 27 шықәса ахыҵит