Здание репатриации - Sputnik Аҧсны
Арепатриациа
Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы аинформациала 11 нызқьҩык рҟынӡа ҳџьынџьуаа Аԥсны атәылауаҩра рымоуп. Рыԥсадгьыл ахь ихынҳәит хә-нызқьҩык рҟынӡа.

Дани Агрба: аҭоурыхтә аамҭа ҳазҭанаргылаз рацәоуп, алҵшьа ҳақәшәароуп

© Foto / Сырма АшубаАԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран, Леон иорден занашьоу, Шьамтәылантәи зҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь зҭаацәа зманы ихынҳәыз Дани Агрба дынхоит Гәылрыԥшь араион Маҷара аҳаблаҿы.
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран, Леон иорден занашьоу, Шьамтәылантәи зҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь зҭаацәа зманы ихынҳәыз Дани Агрба дынхоит Гәылрыԥшь араион Маҷара аҳаблаҿы. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Шьамтәылантәи зҭоурыхтә ԥсадгьыл аҿы зҭаацәа зманы инхо Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран Дани Агрба иҭоурых ажурналист Сырма Ашәԥҳа ланҵамҭаҿы.

Сырма Ашәԥҳа, Sputnik

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран, Леон иорден занашьоу, Шьамтәылантәи зҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь зҭаацәа зманы ихынҳәыз Дани Агрба дынхоит Гәылрыԥшь араион Маҷара аҳаблаҿы. Хымԥада, исаҳахьан Дани Агрба иӡбахә, аха лабҿаба ҳаицәажәартә еиԥш аҭагылазаашьа смоуцызт. Зегьы ҿҳәарак-ҿҳәарак рымоуп, иааит уи аамҭагьы.

Диаб Чаҭау - Sputnik Аҧсны
Диаб Чаҭау: Шьамтәылантәи ҳҵәыуо ҳдәықәлазаргьы, Аԥсны ҳахьааиз убриаҟара ҳгәырӷьоит

Маҷара агәаҿы, ахадара ахыбра анаҩсҵәҟьа, ҳџьынџьуаа рзы аҳәынҭқарра ахарџь ала аҩнеихагыла еиҭашьақәыргылан шықәсқәак раԥхьа. Ҳазҭагылоу аамҭазы уи ашҭа ушынҭалалак угәалаҟазаара еиӷьымхарц залшом, ахьхьа-аџьџьаҳәа аҳәыҷқәа рышьҭыбжь уаҳауеит, еихагылацыԥхьаӡа иубарҭоуп ауаа шынхо. Аиаша шәасҳәоит, лымкаала исыздыруамызт аҽнышьыбжьон аҩны исықәшәоз ауаа зусҭцәаз, ашә снасыр иаадыртып ҳәа гәҭакыс иҟаҵаноуп уажәтәи сныҟәарагьы Маҷараҟа ишхацсыркыз.

Актәи аихагылаҿы ашә асбжьы заҳаз ҭыԥҳа хәыҷык иаалыртит. Аԥсшәа наласҳәан, слазҵааит: "Аҳәаанырцәынтәи иаақәаз ҳџьынџьуаа шәреиуоума?" - ҳәа. Сылдыруазшәаҵәҟьа дааԥышәырччан: "Ааи, ҳара Шьамтәылантәи иаақәаз аԥсацәоуп, Агрбақәоуп, шәааи аҩныҟа", - лҳәеит. Исаҳаз аҭак аасызхеит, лҭаацәа аҩны ишыҟаз ансалҳәа, азин аарымсхын, сныҩналеит. Аҩнаҭа аԥшәмацәа убриаҟара гәыблыла срыдыркылеит, анаҩс сааҭла ҳзеиԥырымҵуа ҳаицәажәон. Ааи, зыӡбахә сымоу аҩнаҭа аԥшәма Дани Агрба иоуп.

Абар, уажәшьҭа аашықәса раахыс инхоит Аԥсны. Иԥшәмаԥҳәыс Маиса Алнаџьар дараб ҭыԥҳауп. Хҩык ахшара рымоуп, ҩыџьа аҭыԥҳацәа Аисели Сидреи, иара убас арԥыски, Иуксель. Арԥыс аусура дыҟан, еьырҭ зегьы аҩны исықәшәеит. Ҳаиҿцәажәаргьы хацҳаркит Шьамтәыла иахьынхоз аҭыԥ аӡбахә ала.

© Foto / Сырма АшубаДани Агрба иԥҳацәа Аисели Сидреи
Дани Агрба: аҭоурыхтә аамҭа ҳазҭанаргылаз рацәоуп, алҵшьа ҳақәшәароуп - Sputnik Аҧсны
Дани Агрба иԥҳацәа Аисели Сидреи

"Сҭаацәеи сареи Аԥсныҟа ҳаанӡа Берҳаџьам ақыҭаҿы ҳанхон, Голлантәи аҳаракырақәа ирзааигәоуп ҳқыҭа, еиҳарак инхо аедыгьақәеи аҟабардақәеи роуп, ҩ-ҭӡык аԥсуаа ҳрыланхон, ҳара ҳҭаацәеи, Ӡыӷәиԥацәеи (Гагәылиа). Сара сани саби Дамаск инхон, ақалақь ахь нхара ҳәа ииасаанӡа Кунеитра иахьаҵанакуа аԥсуаа рацәаҩны иахьынхоз Мумсиа ақыҭаҿы инхон. Уаҟа иуԥылон ажәлақәа: Маршьан, Гьечба, Чқәуа, Кәыџба, Маан, Агрба, Қәышьба уҳәа", - ажәабжьқәа сзеиҭеиҳәон Дани Агрба.

1948 шықәса рзы Палестинеи Израили реибашьраҿы Дани Агрба иабду Абдульӷани дҭахоит. Абдульӷани Агрба иабду иакәзар, Кавказаа ргәыԥ злахәыз еидысларак аҿы дҭахоит 1868 шықәса рзы. Усҟан иара иԥшәмаԥҳәыс Ҳалбадԥҳа (лыхьӡ еилкаам) лцәалтәымкәа дыҟан, Салиҳ захьӡыз ҷкәына хәыҷыкгьы длыман. Ҳалбадԥҳа лыԥшәма заа илаиҳәахьан, дҭахоны дҟалозар, Ҭырқәтәылаҟа лыхшара лыманы дцарц.

© Foto / Сырма АшубаДани Агрба иабду Абдульӷан Агрба (арыӷьарахь игылоу)
Дани Агрба: аҭоурыхтә аамҭа ҳазҭанаргылаз рацәоуп, алҵшьа ҳақәшәароуп - Sputnik Аҧсны
Дани Агрба иабду Абдульӷан Агрба (арыӷьарахь игылоу)

"Ҳалбадԥҳа ус иагьыҟалҵеит. Лыҷкәын хәыҷы даашьҭыхны Ҭырқәтәылаҟа дцеит, лашьагьы длыцын. Уа дахьнеиз Абдуль Азиз Агрба диит. Лара лыхшара лыманы дынхон Кунеитра, аеҭымцәа рзы иргылаз аҩнаҟны. Абасала, ҳара ҳабшьҭра Аԥснынтә ихырҵәан Ҭырқәтәылаҟа, уантә Шьамтәылаҟа. Иаҳзымдыруа ирхыргаз аҭоурых рацәоуп", - иҳәеит Дани Агрба.

Дани иаб Фаруқ Агрбеи иԥшәмаԥҳәыс (дҟабардоуп) Леила Жьалаҳыжьи фҩык ахшара рааӡеит - хҩык аԥацәеи, хҩык аԥҳацәеи. Дани иҭаацәеи иашьцәа руаӡәки нхоит Аԥсны, егьырҭ Шьамтәыла. Иаб иԥсҭазаара далҵхьеит, иан лыԥсы ҭоуп. Ҳаиҿцәажәараҟны Дани еиҭеиҳәеит раԥхьаӡа Аԥсныҟа данааз атәы.

"Аԥсныҟа сааит аибашьра аҟалара мызқәак шагыз, 1992 шықәса рзы, араҟа ауниверситет сҭалеит. Ус, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра иалагеит. Раԥхьа Пицундатәи аибашьцәа ргәыԥ салан, анаҩс Шьамтәылатәи арԥарцәа Маҳмуҭ Қәышьба, Недаль Агрба, сара уҳәа Гәдоуҭа апартизанцәа еидызкылоз агәыԥ ахь ҳцеит, ҩыџьа адаӷьысҭанцәеи ҩыџьа аерманцәеи ҳацын аԥсуаа иреиуамыз, Гәырам Дапуа еиҳабыс дҳаман. Гагра ақалақь ахы ианақәиҭха ашьҭахь, Ибрагим Иаганов дҵаҟаҵаҩыс дызмаз аҟабардақәа ргәыԥ ҳалалеит", - иҳәеит Леон иорден занашьоу Дани Агрба.

Дани Агрба иҩызцәа аибашьцәа аӡәырҩы реиԥш, имаҷмызт дзықәшәаз ахҭысқәа, иҟан аԥсра абла данҭаԥшхьаз аамҭагьы. Аха уи аӡыргара ахәҭам ҳәа ԥхьаӡаны, рацәак иҽалаигаломызт, нас, ахӡыргара аибашьҩы иҟазшьамзар акәхап. Егьа ус акәзаргьы, исҭахын аибашьра иадҳәалаз игәалашәарақәа дырзааҭгыларц.

© Foto / Сырма АшубаАԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра далахәын Дани Агрба.
Дани Агрба: аҭоурыхтә аамҭа ҳазҭанаргылаз рацәоуп, алҵшьа ҳақәшәароуп - Sputnik Аҧсны
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра далахәын Дани Агрба.

"Аҟабардақәа ргәыԥ ахь ҳаиасит быжьҩык. Очамчыра иӡхыҵран иҟаз адесант ҳрыланы, ӷбала амш ҳхын 14 сааҭ. Аха усҟан изалыршамхеит аоперациа ашьақәырӷәӷәара, иҟалаз ацәқәырԥа бааԥсы иахырҟьаны. Шроматәи ажәылараҿы аснаипер сшьапы ихәит, еицыз ҳахьтә ахәрақәа иҵегьы изауқәаз ҟалеит. Ԥшьҩык еиҳа ӷәӷәала ихәқәаз Нальчикҟа ҳдәықәырҵеит. Мызкы ааҵуаны еиԥш, ҩаԥхьа Аԥсныҟа сааит, аха сыхәра иауамызт, Москвала Дамаскҟа сдәықәырҵеит, уахьгьы аамҭала", - дцәажәон аибашьра аветеран.

Шьамтәыла ахәышәтәырҭа рацәак дҭамхакәа Дани Агрба иҩыза аҟабарда ҷкәын Гассан Џьарқаси иареи Аԥсныҟа еицааит, "Шьараҭын" агәыԥ ашҟа ицеит. Гассан Џьарқас Гәымсҭатәи ажәылараҿы дҭахоит.

© Foto / Сырма АшубаАԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра далахәын Дани Агрба.
Дани Агрба: аҭоурыхтә аамҭа ҳазҭанаргылаз рацәоуп, алҵшьа ҳақәшәароуп - Sputnik Аҧсны
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра далахәын Дани Агрба.

"Иашьа гәакьак иеиԥш сихәаԥшуан Гассан Џьарқас, даара ҳаиҩызцәа бзиақәан. Иара идыруазшәа, ицәа иалашәахьан дышҭахоз, асалам шәҟәы ҩны иаанижьхьан. Сҭаацәа ираҳаит Аԥсныҟа еибашьра исыцааз сҩыза дышҭахаз, акыр саргьы схьаарго иалагеит. Гассан Џьарқас исалам шәҟәқәеи имаҭәақәеи аашьҭыхны, насгьы сҭаацәа ааргәыбзыӷны сеиҭаап Аԥсныҟа ҳәа гәҭакыс иҟаҵаны сеиҭацеит Шьамтәылаҟа, акыр иуадаҩын сара сзы уи аҩыза амҩа ақәлара, аха аҭагылазаашьа сақәнаршәеит", - луанытә дқәыԥсычҳауа игәҭыхақәа еиҭеиҳәон Дани Агрба.

Дани Агрба дхәыҷаахыс Аԥсны аӡбахә иаҳауан, уарла-шәарла акәзаргьы, усҟантәи аамҭазы иҟаз аиҭанеиааирақәа ирыбзоураны иидыруаз маҷмызт. Акыр дазгәыдууны игәалаиршәеит апоетесса Нелли Ҭарԥҳа Шьамтәыла даныҟаз, дара рыҩнаҭаҟны мышқәак дшынхоз, ҳамҭасгьы лышәҟәы шилҭахьаз. Адоуҳамч ӷәӷәоуп, Аԥсадгьыл аҵакы дууп, уи шьахәла ирныруеит зыԥсадгьыл иаҟәыгоу ҳауаажәлар.

Дани Агрба ихшара рхы-ргәы иақәгәырӷьо Аԥсны инхоит, рыхҩыкгьы Баграт Шьынқәба ихьӡ зху Аҟәатәи актәи абжьаратә школ иҭан. Уажәы уаҟа аҵара лҵоит зегьы иреиҵбу Сидра, аабатәи акласс аҿы дтәоуп. Аҷкәын асахьаҭыхратә ҵараиурҭа далгахьеит, афилологиатә факультет аҩбатәи акурс аҿы дтәоуп Аисель. Аисель илҭаххеит Аԥснытәи лыԥсҭазаара нарҭбааны далацәажәарц, илыԥгылаз ауадаҩрақәа, урҭ дшыриааиз, абызшәақәа шылҵаз, аҩызцәа шлырҳаз, аԥхьаҟатәи лыгәҭакқәа ртәы уҳәа. Хымԥада, инарҭбаау ҳаиҿцәажәара анаҩстәи анҵамҭазы иазсырхиоит.

Абасала, Дани Агрба иҭаацәа ҿырԥшык аҳасабала узыхцәажәаша аԥсыуа ҭаацәароуп. Аҽынтәи сгәалаҟазаара, насгьы Аграаи сареи ҳаибадырра иахылҵыз аԥхарра издыруаз рыжәлантәқәа ирзеиҭасҳәеит, изласылшоз ала еимадарак рыбжьасҵеит, сгәы иаанагоит уи аимадара амҽхак аҽарӷәӷәап ҳәа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

 

Ажәабжьқәа зегьы
0