Здание репатриации - Sputnik Аҧсны
Арепатриациа
Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы аинформациала 11 нызқьҩык рҟынӡа ҳџьынџьуаа Аԥсны атәылауаҩра рымоуп. Рыԥсадгьыл ахь ихынҳәит хә-нызқьҩык рҟынӡа.

Шьади Баӷба: "Мчык исыҵанаҳәон, гәыӷрак сыман Аԥсныҟа сшаауаз"

© Foto / предоставлено Сырмой АшубаШьади Багба
Шьади Багба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Шьамтәылантәи зҭоурыхтә ԥсадгьыл иазыхынҳәыз Шьади Баӷба диҿцажәеит ажурналист Сырма Ашәԥҳа.

Сырма Ашәԥҳа, Sputnik

Быжьшықәса раԥхьа Шьамтәылантәи зҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь нхара ҳәа ихынҳәыз ҳџьынџьуаа ргәыԥ аҿы дыҟан Шьади Баӷба. Шьади Аԥсныҟа ицны иааит иани иашьеиҵбы Фадии. Шьади Баӷба иӡбахә саҳаит ааигәа, мышқәак раԥхьа Маҷара аҳаблаҿы ҳџьынџьуаа срыҿцәажәарц санырҭаа. Адәаҿы машәыршәа исықәшәаз аԥсшәа засҳәаз Шьади иан лакәзаарын. Бызшәала рацәак ҳанзеилибамкаа лареи сареи, ҳаицәажәара заҳауаз хаҵак иазгәеиҭеит лԥацәа аԥсшәагьы аурысшәагьы шырҳәо, урҭ рыла ҳаибабарц шыҟало. Лԥацәа руаӡәк аус ахьиуаз ансарҳәа, иааигәан, аҽныҵәҟьа дсыԥшааит. Аиаша шәасҳәоит, Шьади аԥсышәала ицәажәара акыр сыхнахит, иагьџьасшьеит.

Диаб Чаҭау - Sputnik Аҧсны
Диаб Чаҭау: Шьамтәылантәи ҳҵәыуо ҳдәықәлазаргьы, Аԥсны ҳахьааиз убриаҟара ҳгәырӷьоит

"Шьамтәылантәи арахь санааз уиаҟара схатәы бызшәала сцәажәартә сыҟамызт, уажәгьы ишысҭаху исзымҳәозаргьы, сызлацәажәо еиҳарак аԥсышәалоуп. Санхәыҷыз сандуи сабдуи (сан лганахьала) еснагь аԥсышәала еицәажәон, исаҳауаз еиҳарак уи абызшәа акәын. Сан Қәышьԥҳауп Муна лыхьӡуп, саб Џьамал ихьӡуп, уажәы иара Германиа дыҟоуп", - абас ҳаиҿцәажәара нхацҳаркит Шьадии сареи.

Шьадии Баӷба Дамаск ақалақь аҿы дынхон Аԥсныҟа даанӡа. Аха иара иабшьҭрагьы ианшьҭрагьы ажәытә иахьынхоз Голантәи аҳаракырақәа рҿы акәын, уаҟа инхоз аԥсуаа аӡәырҩы ыҟан, аҭоурых еиԥхьнарттеит умҳәозар.

Шьараф Маршьан - Sputnik Аҧсны
Арадио
Маршьан еиҭеиҳәеит Голантәи аҳаракырақәа рҿы иашьа иԥа абираҟ зышьҭихыз

"Саб иан дадыгьан, Назира лыхьӡын, Ӷашь лыжәлан. Сабду Маҳмуҭ ихьӡын. Сан лангьы дадыгьан, Садие Сҭашә, сан лаб Салиҳ ихьӡын. Шьамтәыла инхо Абаӷбақәа рхыԥхьаӡара егьмаҷым, Қәышьбақәагьы ҭаацәарақәак нхон", - ихәеит Шьади Баӷба.

Аԥсыуаҵасла иааӡоу, ҟазшьала иҭынчу, зхы-зҿы ачча ақәыхх ицәажәо Шьади иеиҳабацәа рҟынтә иидыруа ажәабжьқәа маҷым. Иара излаиҳәо ала, атәымџьара иизаргьы, ршьа-рда аԥсуа шьа алоуп, уи еицакра зақәлараны иҟам.

"Аиаша шәасҳәоит, аԥсуара ҳзымдыруа ауп ишаҳҵаз. Ишԥа ҳәа шәсазҵаар, аҭакгьы сызшәаҳәом. Избанзар, Анцәа ҳаԥсыуаны ҳаишеит. Ҳанхәыҷыз аахыс аиҳаби аиҵби рҭыԥ ҳдыруан, сасык даҳзааиргьы итәарҭа-игыларҭа шхазыз ҳдыруан, ҳхымҩаԥгара аԥсуа цәа аҟәнызар акәын, даҽакала ҟалашьа амамызт", - ҳәа азгәеиҭоит Шьади Баӷба.

Шьади Баӷба Аԥсныҟа данаауаз 23 шықәса ихыҵуан. Иара Дамаск ақалақь аҟны иреиҳау аҵараиурҭа дҭан, англыз бызшәа аҟәшаҿы аҵара иҵон, убри инаваргыланы егьырҭ абызшәақәагьы дрызҿлымҳан. Ара дахьааизгьы Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет дҭалеит. Уижьҭеи иԥсҭазаараҟны зҽызыԥсахыз акыр ирацәоуп. Зегьы ирыцкуп игәы каршәны, ихы-игәы дақәгәырӷьо Аԥсны дахьынхо.

Муҳаммед-Иасер Чқәуа иҭаацәеи иареи - Sputnik Аҧсны
Муҳаммед-Иасер Чқәуа: насыԥуп сыхшара рыԥсадгьыл аҿы аԥсуа бызшәа ахьраҳауа

"Сара саншьцәа Маҳмуҭи Аҳмеҭи Аԥсны инхоижьҭеи акрааҵуеит. Аибашьра ҟалаанӡа Маҳмуҭ ара дыҟан, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҿы аҵара иҵон, аибашьра аамҭазы иҩызцәа дрывагыланы иԥсадгьыл бџьаршьҭыхла ихьчеит, уи сара акыр сазгәыдууп. Уажәы саншьцәа Пицунда инхоит. Шьамтәыла ҳаныҟаз урҭ рыла иҳаҳауаз ахабарқәа рацәан", - иҳәоит Шьади Баӷба.

Шьади Баӷба иандуи иабдуи Аԥсныҟа изныкымкәа иаахьан, рԥацәа илырхыз аԥсҭазааратә мҩа иазыразын. Шьади иабду араҟа иԥсҭазаара далҵит, Бзыԥ анышә дамадоуп, ианду Шьамтәыла дынхоит.

"Сара Аԥсныҟа сааижьҭеи уажәшьҭа шықәсқәак ҵуеит, абра сизшәа-сааӡазшәа схы збоит. Аразҟы ҳаман ҭаацәала ҳәа сыԥхьаӡоит ҳаԥсадгьыл ахь ахынҳәра ахьаҳқәашьхаз. Аус зуеит аргыларатә наплакаҿы, аҩызцәа сымоуп, аԥсыуак Аԥсны дшынхо еиԥш схы ныҟәызгоит. Мчык еснагь исыҵанаҳәон, гәыӷрак сыман Аԥсныҟа сшаауаз", - ҳәа азгәеиҭоит Шьади Баӷба.

Муҳаммед Доӷəыз иҭаацәа - Sputnik Аҧсны
Муҳаммед Доӷəыз: аԥсуаа еизҳароуп, рымч-рылша ӷəӷəахароуп

Шьадии сареи ҳаиҿцәажәараҟны иазгәеиҭеит ателехәаԥшратә дырраҭарақәа рыла сшидырыз, Шьамтәыла саныҟазтәи анҵамҭақәа дрылацәажәеит, уи сгәы акыр иахәеит. Шьади Баӷба абызшәақәа рҵара акырӡа ицааиуеит, иидыруа атәым бызшәақәа иреиуоуп: аурысшәа, аҭырқәшәа, англыз бызшәа, араб бызшәа. Аха, зегь реиҳа иԥшӡоуп ҳәа иԥхьаӡоит аԥсшәа.

"Ҳара ҳаҩны - Аԥсноуп, аԥсуароуп абрагь ҳаидызкылаз, иаҳхашҭыр ҟалаӡом, ҳбызшәа ҳдыруазароуп, иаҳҵароуп. Сара издыруаз аԥсшәа аихаҳара лыбзоура ду алоуп Наала Басариаԥҳа, аԥсуа бызшәа арҵараҿы ацхыраара ду ҳалҭеит, ҭабуп ҳәагьы ласҳәоит. 23 шықәса Шьамтәыла сынхон сара, "уара уарабуп" ҳәа аӡәгьы исаимҳәаӡеит, зегьы ирдыруан Кавказаа ҳшырхылҵшьҭраз", - ҳәа азгәеиҭоит Шьади Баӷба.

Батал Ахвледиани - Sputnik Аҧсны
Ахвледиани: ҭырқəтəылатәи ҳџьынџьуаа ирыбзоураны сыԥсадгьыл еиҳагьы бзиа избеит

Шьади Баӷба ижәлантәқәеи иареи еибабалоит, еиҳарак аҳтнықалақь аҿы иҟақәоу роуп иидыруа. Игәы иҭоуп Аҟәа налҵ иашьцәа дырҭаарц, аимадара бзиа рыбжьаларц.

"Изларҳәо ала, ҳара ҳажәлантәқәа Гәбаадәы инхон амҳаџьырра рыхьӡаанӡа. Иҟоуп Ҭырқәтәылаҟа, Нхыҵ-Кавказҟа иагақәаз. Сабду иабду Самсун дыхон, сабду иабгьы Самсун диит, иашьа арантә дҭыҵит, уа дахьнеиз арра дыргеит. Ашьҭахь, Шьамтәылантәи Баӷ ҳәа еиҳабык днеин Ҭырқәтәылантәи Шьамҟа дигеит", - иҳәеит Шьади Баӷба.

Аамҭеиҭасра ҭаха знамҭоз ҳџьынџьуаа изҭашәаз аҭагылазаашьа акыр икыднаҟьеит, тәылак аҟынтә даҽа тәылак ахь ахҵәара, уаҟа ҩаԥхьа анхара-анҵыра уҳәа шаҟа џьамыӷәа цәгьа рхыргазеи? Ҳажәлар агәаӷь ду рызҭоуп, ахыларҟәреи агәкажьреи раҭәам. Уи ус шакәу шьақәнарӷәӷәоит зыԥсадгьыл ахь ихынҳәыз ҳхылҵшьҭрақәа рыгәаӷьра, рычҳара, рҟәыӷара, рхымҩаԥгара.

Шьади Баӷба иакәзар изеиӷьасшьоит аманшәалара игәҭакқәа зегьы рынагӡараҿы. Ҳаиҿцәажәараҿы ишазгәеиҭаз еиԥш, ауаҩы гәыӷрада дзынхом, аԥхьаҟагьы игәыӷрақәа еиҩымжьааит!

Ажәабжьқәа зегьы
0