Амҳаразы ҩ-гәаанагарак

© Sputnik Томас ТхайцукОтдел этнографии абхазского государственного музея
Отдел этнографии абхазского государственного музея - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ажәытәан арԥыси аԥҳәызбеи рыԥсҭазаара анеиларҵоз, хазы ирыздыргылон амҳара. Уи аргылашьеи, аибыҭашьеи, иамаз аҵаки, иахылҿиаахьоу хҭысқәаки ҳзеиҭалҳәеит апоетесса Белла Барцыцԥҳа.

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

Амҳара — ари аҩны инацәыхараны, еихагылакны иҟоу, уадак змоу хыброуп. Жәытә-натә аахыс уи здыргылоз ҿыц еибагоз арԥыси аԥҳәызбеи рзы акәын. Амҳараҟны, аҭаца мызкы иназынаԥшуа дыҟан, анаҩс лхаҵеи лареи анеишьцылалак, ииасуан аҩнду ахь.

"Амҳара аргылара знапы ианырҵоз зымшьҭа бзиаз, згәы цқьаз, ҭаацәала еиқәшәаз иакәын. Иара инапала, абнараҟны илхны иааигон акациа, анаҩс ихала аки-аки еиқәҵо, ахыбра ичаԥон. Аус ахьынӡаиуаз дныҳәа-ныԥхьон, "аизҳареи ахажәаареи ҟалааит" ҳәа", — еиҭалҳәоит апоетесса.

Амҳара ашәхымс уахьаахыҵуаз, арыӷьарахь ала икнарҳауан аԥхьарцеи, аҿырпыни. Уигьы асивмолтә ҵакы аман, еибаго рыԥсҭазаара ашәа хаа еиԥш имҩаслааит ҳәа.

Амҳара — аԥхашьареи, апатуеиқәҵареи, аламыси ирыцкарын.

Ажәытә аԥсуа ҩны, Гагра араион - Sputnik Аҧсны
Аҳаҷашь, аҭацамҳара: аԥсуаа рынхашьеи рысасдкылашьеи акәамаҵамақәа

Аҭаца ашҭа данааҭаргалалак иаразнак амҳарахьы днаргон. Уахь аԥсшәа ларҳәарц инеиуазгьы агәакьацәа ракәын.

Лара быжьҩык аҩызцәа лыцын. Аҭаацәара аԥызҵаз рныҳәаразы, амҳарахьы днеиуан зажәа ҟәышыз, зымшьҭа бзиаз абырг.

"Ачара анырулак, адырҩаҽны, аныҳәаҩ "Ажьаҳареи", "Адәныҟәеи" ҳәа аҭаца дыҿиарц, ԥырхага лмоурц, аԥсы дылхьымԥшырц азы дылныҳәон. Уи нахыс, амаҵурҭахь дааиуа далагон. Аха лхы шьҭыхны аӡәгьы диҿаԥшуамызт. Лыԥшәма иакәзаргьы, ахҭырԥа ма ихаз ахылаԥа илахь иҭаршәны акәын ишыҟаз. Дара реизааигәахара иацәыԥхашьон. Аха ари зегьы ԥсҭазаароуп", — ҳәа инаҵылшьит ажәабжьҳәаҩ.

Амҳара иацыз аԥшӡареи апатуеиқәҵареи инаваргыланы, иахылҿиаахьеит имаҷымкәа агәнаҳарақәагьы. Иҟалахьеит, аҭаца уахынла амҳарахьы дышцоз, алашьцараҿы акы даршәаны, "шәсыцхраа" ҳәа дамаԥхашьаны анҿылымҭ, лгәы ԥжәаны лыԥсҭазаара даналҵхьоугьы.

Белла Барцыцԥҳагьы иаҳзеиҭалҳәеит амҳараҟны иҟалахьоу, лара илаҳахьоу ахҭысқәагьы.

Архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
Аԥсуа чара: атрадициақәеи иахьатәи аамҭеи реиҿыбаара

"Ԥҳәызбак, ҩыџьа аиҩызцәа бзиа деицырбозаарын. Ачара ауха, ашьыцра иамҽханакыз арԥыс, иҩыза аҩы даршьны, иара ихаҭыԥан амҳараҟны даннеихьоугьы ҟалахьеит ҳәа саҳахьеит. Хымԥада, уи арыцҳара дуӡӡа ахылҿиаауан. Иара убас исаҳахьеит, аԥҳәызба бзиа илбоз иакәымкәа ҽаӡәы даницца, лгәы иаԥшәымаз илыдиныҳәаларц даннеи, лхаҵа зегьы еилкааны, "слыламкьысӡеит, дыцқьоуп" ҳәа наиаҳәаны, диҭаны данишьҭхьоугьы, мамзаргьы згәаҵа абзиабара кылнаблааз, аха иҩыза далызхыз аԥҳәызба "иахьанахыс, башьа соуп" ҳәа анлеиҳәахьазгьы", — лҳәоит апоетесса.

Асовет Еидгыла анышьақәгыла, ари ажәытә ҵас ԥшьаала иҿыцәаауа иалагеит, иахьатәи ҳаамҭазы зынӡагьы еиқәымхеит. Аха зегь акоуп, ажәлар рыпсихологиаҿы инхеит, аҭаацәара ҿыц аԥызҵо рзы, аҩнаҟны иреиӷьу ауада алхра, аҩнымаҭәа аахәара, аиҿкаара, арԥшӡара.

Ажәабжьқәа зегьы
0