Анцәахәы ихьӡала иршьуан аџьма шьтәа: Ареиааи – аибашьра анцәахәы

© Fotolia / Ruslan SolntsevВоин с мечом
Воин с мечом - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аибашьра анцәахәы - Ареиааи иӡбахә аԥсуаа рҿы шьҭа аӡәгьы издыруам, ирхашҭхьеит.

Cусанна Ҭаниаԥҳа, Sputnik

Ажәларқәа аӡәырҩы жәытәаахыз аибашьра ашыра знырхьоу ркультураҿы ишьақәгылеит аибашьра анцәахәы ихаҿсахьа. Избанзар, ахацәа еибашьра ианцоз аибашьра анцәахәы имҵаныҳәон рыԥсадгьыл ахьчаразы амч риҭарц, иара убасгьы, аибашьра ицаз иҭаацәагьы ргәыӷрақәа здырҳәалоз уи анцәахәы дихьчап ҳәа акәын. Ус иҟоуп ауаҩы иԥсихологиа. Ауаҩытәыҩса илымшо, илшоит анцәахәы ҳәа ԥхьаӡоуп.

Очаг - Sputnik Аҧсны
Цәгьамзар бзиа ҟазымҵоз: ажәытәра иагаз ахәышҭаара анцәахәы - Ҿаԥ изкны

Абырзен мифологиаҿы аибашьра ианцәахәқәоуп Афина – Палладеи Ареси. Афина – Паллада аибашьреи аҟәыӷареи дрынцәахәуп. Лыжәлар рҟны заҳаҭыр ҳаракыз, изымҵаныҳәоз нцәахәын. Арес иакәзар, исахьа ҭырхуан уаҩ нырҳарак иакәны, акәылӡы маҭәа ишәҵаны. Даара игызмалу нцәахәуп, илшо зегь ҟаиҵоит аибашьраҿ аиааира игарц.

Мысраа рмифологиаҿы аибашьра ианцәахәқәан: Сет, Сехмет, Монту. Римлианаа рмифологиаҿы аибашьра данцәахәын – Марс.

Аибашьра анцәахәы итәы аԥсуаа рҿы шьҭа аӡәгьы издыруам, ирхашҭхьеит. Аха уи иҟазаара атәы азгәаиҭоит аҭоурыхҭҵааҩ Ермолаи Аџьынџьал. Иусумҭак аҿоуп аибашьра анцәахәы иӡбахәгьы ахьаҳәо, иара ихьӡуп – Ареиааи.

Аҭоурыхҭҵааҩ ишазгәаиҭо ала, Ареиааи – ари аԥсуаа рмырҭаҭратә нцәахә иакәын. Аибашьреи аибашьратә уси дрынцәахәын, дырхылаԥшхәын. Ареиааи зыԥсадгьыл иақәлаз дрыдгылон, ақәылацәа, аимҵәацәа ирԥсыҽуан, раҵархара дацхраауан.

Ареиааи тәарҭас – гыларҭас имаз ашьха ақәцәқәа ракәын. Аԥсуаа уи итәарҭа ҭыԥқәа рҿы ихьӡала инрыжьуан ахҿақәа, аҳәақәа, насгьы аҽы маҭәа аҟәыхқәа. Аԥсуаа еибашьра ианцоз иԥшьоу аџь ҵла амҵан инены Ареиааи ихьӡала иқәуан рыԥсадгьыл фырхаҵарыла ишырыхьчо ала, аҿаҭахьа рықәырҵон. Усҟан уи анцәахәы ихьӡала иршьуан аџьма шьтәа.

Афольклорист Сергеи Зыхәба имаз агәаанагарала: "Ареиааи ихьӡ ажәытәӡатәи абырзентә мифологиаҿы иаҳԥыло аибашьра анцәахәы Арес ихьӡ угәаланаршәоит. Арес деибашьуеит деибашьларц азыҳәа, хәымгарас ихы иаҭәаимшьо акагьы ыҟам. Издыруада, аԥсуа анцәахәы Ареиааи ажәытәӡатәи абырзентә нцәахәы Ареси еиқәҿыҭрак, еимадарақәак рымазаргьы?"

Иааидкыланы Ареиааи изкны иҳамоу адыррақәа зламаҷу ала дыҟаҵәҟьан ҳәа ишьақәырӷәӷәаны иҳазҳәаӡом, аха еибашьреи қәылареи акырӡа зхызгахьоу афырхаҵаратә ҭоурых змоу аԥсуаа милаҭ, аибашьра анцәахәы дрымаӡамызт ҳәагьы аҳәара гәаӷьыуацәахоит. Жәытәла нцәахәык иаҳасабала дыҟаӡазаргьы, иара иахьазы дырхашҭгәышьеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0