Инарҭбаау ажәабжь шәаԥхьар ҟалоит абра>>
Авидеонҵамҭа шәахәаԥшыр ҟалоит абра>>
Шьхацан аамҭа алагоит лаҵарамзазы. Саҭбеи зыԥсы ҭоу имал иманы Лашыԥсы ҳәа зыхьӡу аҭыԥ аҟны дтәоижьҭеи акыр ҵуеит. Аҭыԥ амшын аҟнытәи 2 000 метр аҳаракыра аҟны ишьҭоуп. Ахьча иажәақәа рыла, ажәытәан араҟа 12 гәарҭа еизалон, иахьа гәарҭак ада аӡәгьы дубом.
Фымыз ашьха инхоит ахьчацәа. Шьхалбаан алагоит жьҭаара анҵәамҭазы. Усҟан ахьчацәа рмал аԥсҭахьы илбаарцоит, ақыҭақәа рахь. Ақыҭа иҩахыкны, абнара ԥхынҷкәынынӡа ианаанхогьы ҟалоит.
© Sputnik Анжелика БенияАшьхашә ахаҭабзиареи агәабзиаразы хәарҭарас иамоу атәы аҳәара аҭахыуп ҳәа сгәы иаанагом. Алаҟәыраҟны иҟаҵоу ашә угәабзиара иазеиӷьзар, ашьха иуоуа ахшлыхқәа шәазхәыц, шаҟа ибеиоу! Уи адагьы, ажә иамҵуа ахш аџьмахши еиларҭәоит.
1/13
© Sputnik Анжелика Бения
Ашьхашә ахаҭабзиареи агәабзиаразы хәарҭарас иамоу атәы аҳәара аҭахыуп ҳәа сгәы иаанагом. Алаҟәыраҟны иҟаҵоу ашә угәабзиара иазеиӷьзар, ашьха иуоуа ахшлыхқәа шәазхәыц, шаҟа ибеиоу! Уи адагьы, ажә иамҵуа ахш аџьмахши еиларҭәоит.
© Sputnik / Анжелика БенияАшьхара ашә еицырдыруа арецепn ала ауп ишыҟарҵо, аха ахш араҟа арахәи аԥсасеи ирацәаны ирымҵуеит, убри ауп еиҳарак аус зырцәгьо. Ахш зҭоу амца азааигәара идыргылоит, ианҟәандахалакгьы ацыр арҭоит. Уи ацыр ҵаҟа рхы иадырхәо уамак иеиԥшӡам - ашәарах иамырхуеит.
2/13
© Sputnik / Анжелика Бения
Ашьхара ашә еицырдыруа арецепn ала ауп ишыҟарҵо, аха ахш араҟа арахәи аԥсасеи ирацәаны ирымҵуеит, убри ауп еиҳарак аус зырцәгьо. Ахш зҭоу амца азааигәара идыргылоит, ианҟәандахалакгьы ацыр арҭоит. Уи ацыр ҵаҟа рхы иадырхәо уамак иеиԥшӡам - ашәарах иамырхуеит.
© Sputnik / Анжелика БенияАшәаӡа шәуп ҳәа ашьхара иуҳәар иухыччоит. Макьана ишәӡам. Ихыхны иҵәыԥсырц ҩбаҟа-хԥаҟа сааҭ инрыжьуеит ихыхьшәашәарам аҭыԥ аҟны. Нас, ианҵәыԥслакгьы имырссаӡакәа асақәа ԥырҟоит.
3/13
© Sputnik / Анжелика Бения
Ашәаӡа шәуп ҳәа ашьхара иуҳәар иухыччоит. Макьана ишәӡам. Ихыхны иҵәыԥсырц ҩбаҟа-хԥаҟа сааҭ инрыжьуеит ихыхьшәашәарам аҭыԥ аҟны. Нас, ианҵәыԥслакгьы имырссаӡакәа асақәа ԥырҟоит.
© Sputnik / Анжелика БенияАшәаӡа аилаҵаразы ихиоуп ҳәы угәы ианаанаго, сак аӡыршы инӡаауыршәлар иунарбоит: еиҵыхәхәа иаразнак аӡыҭра иалагар - ихиоуп аилаҵараз, ишыҟаз инхар - уахымыццакыр еиҳа еиӷьуп, ҽа сааҭк аҟара уазыԥшыроуп.
4/13
© Sputnik / Анжелика Бения
Ашәаӡа аилаҵаразы ихиоуп ҳәы угәы ианаанаго, сак аӡыршы инӡаауыршәлар иунарбоит: еиҵыхәхәа иаразнак аӡыҭра иалагар - ихиоуп аилаҵараз, ишыҟаз инхар - уахымыццакыр еиҳа еиӷьуп, ҽа сааҭк аҟара уазыԥшыроуп.
© Sputnik Анжелика БенияАилаҵара ирласны (уӡы ахьынӡашу) иҟаҵатәу усуп. Ҽыҭ- ҽыҭла ашә аамхны иркәампыло еилауҵароуп.
5/13
© Sputnik Анжелика Бения
Аилаҵара ирласны (уӡы ахьынӡашу) иҟаҵатәу усуп. Ҽыҭ- ҽыҭла ашә аамхны иркәампыло еилауҵароуп.
© Sputnik / Анжелика БенияАшәгежьқәа иаразнак асаарақәа рахь изышьҭуа ыҟоуп, аха ахаҵа инапы иалшоит иркәампыло, ирҟьаҟьауа иаҭаху асахьа аҭара.
6/13
© Sputnik / Анжелика Бения
Ашәгежьқәа иаразнак асаарақәа рахь изышьҭуа ыҟоуп, аха ахаҵа инапы иалшоит иркәампыло, ирҟьаҟьауа иаҭаху асахьа аҭара.
© Sputnik / Анжелика БенияАри ашәхарҩа хә-килограммк иҟаларц азы 500 грамм азымхаӡеит. Ахьчацәа изларҳәо ала, хәажәкыра раԥхьатәи амҽышазы иԥырҟоит.
7/13
© Sputnik / Анжелика Бения
Ари ашәхарҩа хә-килограммк иҟаларц азы 500 грамм азымхаӡеит. Ахьчацәа изларҳәо ала, хәажәкыра раԥхьатәи амҽышазы иԥырҟоит.
© Sputnik / Анжелика БенияАшәчырҳәқәа еиҳарак ахәыҷқәа рзы акәын ишыҟарҵоз ажәытәан. Иахьагьы имаҷҩым ашьхара ашәчырҳәқәа ҟазҵо. Аҟаҵарагьы цәгьоуп ҳәа узыҳәом. Аԥхьа ампыл хәыҷ ашә иаамыухуеит, нас агәы кылҵәаны унацәа иаахаургьежьуеит.
8/13
© Sputnik / Анжелика Бения
Ашәчырҳәқәа еиҳарак ахәыҷқәа рзы акәын ишыҟарҵоз ажәытәан. Иахьагьы имаҷҩым ашьхара ашәчырҳәқәа ҟазҵо. Аҟаҵарагьы цәгьоуп ҳәа узыҳәом. Аԥхьа ампыл хәыҷ ашә иаамыухуеит, нас агәы кылҵәаны унацәа иаахаургьежьуеит.
© Sputnik / Анжелика БенияАшәчырҳәқәа ашәхарҩа агьама аасҭа ихаауп ҳәа зҳәо рацәаҩуп. Избанзар, ашәчырҳәқәа ибзианы алҩақ наҟ-ааҟ ирыҵасуеит.
9/13
© Sputnik / Анжелика Бения
Ашәчырҳәқәа ашәхарҩа агьама аасҭа ихаауп ҳәа зҳәо рацәаҩуп. Избанзар, ашәчырҳәқәа ибзианы алҩақ наҟ-ааҟ ирыҵасуеит.
© Sputnik / Анжелика БенияШьхацан аамҭа лаҵарамза иалагоит. Лашыԥсы ҳәа зыхьӡу аҭыԥ ауп ари афотосахьаҟны иаарԥшу. Аҭыԥ амшын аҟнытәи 2 000 метр аҳаракыра аҟны ишьҭоуп. Сзыҿцәажәоз ахьча иажәақәа рыла, ажәытәан араҟа 12 гәарҭа еизалон, иахьа гәарҭак ада аӡәгьы дубом.
10/13
© Sputnik / Анжелика Бения
Шьхацан аамҭа лаҵарамза иалагоит. Лашыԥсы ҳәа зыхьӡу аҭыԥ ауп ари афотосахьаҟны иаарԥшу. Аҭыԥ амшын аҟнытәи 2 000 метр аҳаракыра аҟны ишьҭоуп. Сзыҿцәажәоз ахьча иажәақәа рыла, ажәытәан араҟа 12 гәарҭа еизалон, иахьа гәарҭак ада аӡәгьы дубом.
© Sputnik / Анжелика Бения Лашыԥсыҟа сынтәы ахьчацәа Саҭбеи Агәхааи Зосҳан Џьениеи 100 џьмеи 90 рахәи қәныргеит.
11/13
© Sputnik / Анжелика Бения
Лашыԥсыҟа сынтәы ахьчацәа Саҭбеи Агәхааи Зосҳан Џьениеи 100 џьмеи 90 рахәи қәныргеит.
© Sputnik / Анжелика БенияАџьмақәа рааӡара акәама-ҵамарақәа рацәаны иамоуп. Аџьма иара иатәым аӡыр аҵанаҵаӡом. Ахьараан иухьо аџьма иаҵауҵо аӡыр удыруазароуп. Ҳара ҳзы аӡырқәа зегь еиԥшуп, аха ахьчацәа доусы изтәу рдыруеит.
12/13
© Sputnik / Анжелика Бения
Аџьмақәа рааӡара акәама-ҵамарақәа рацәаны иамоуп. Аџьма иара иатәым аӡыр аҵанаҵаӡом. Ахьараан иухьо аџьма иаҵауҵо аӡыр удыруазароуп. Ҳара ҳзы аӡырқәа зегь еиԥшуп, аха ахьчацәа доусы изтәу рдыруеит.
© Sputnik / Анжелика БенияШьхалбаан алагоит жьҭаара анҵәамҭазы. Усҟан ахьчацәа рмал аԥсҭахьы илбаарцоит, ақыҭақәа рахь.
13/13
© Sputnik / Анжелика Бения
Шьхалбаан алагоит жьҭаара анҵәамҭазы. Усҟан ахьчацәа рмал аԥсҭахьы илбаарцоит, ақыҭақәа рахь.