Агәыблаа, аԥхныга, алагьан, нас акасы: ижәытәу аԥшаҿаҳәара ақьабз иазкны

CC0 / / Аҵла
Аҵла - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥша ӷәӷәа арҭынчразы ажәытәан аԥсуаа ҳҟны имҩаԥыргоз ақьабз "аԥшаҿаҳәара" иазкны аматериал азлырхиеит Sputnik аколумнист Сусанна Ҭаниаԥҳа.

Сусанна Ҭаниаԥҳа, Sputnik
Аԥсуаа жәытәла имҩаԥыргоз аритуалқәа рҿы инарылукаартә иҟоуп ҷыдала аԥсабаратә цәырҵрақәа рырҭынчра, рҭышәныртәалара иазку. Иаагозар, аԥшасра ианалага, шьҭа иханарҟьацәоума уҳәо ианыҟало арҭынчразы имҩаԥыргоз аритуал иахьӡын "аԥшаҿаҳәара". Аԥсуаа агәра ргон, аԥша ӷәӷәа асра иалагазар, уи артәара, аанкылара "аԥша аҿаҳәара" залыршахоит ҳәа.

Ажәҩан - Sputnik Аҧсны
Агәаҟрақәа раанкылара, ма аԥсраҿаҳәара ақьабз

Аԥшаҿаҳәара ус имариамызт, уи "аиааира", мамзаргьы "анапахьы аагара" зылшоз зықәрахь инеихьаз аԥҳәыс цқьа лакәын.

Аԥшаҿаҳәара ахкқәа еиуеиԥшым. Ари аритуал амҩаԥгараан рхы иадырхәо маҭәарқәоуп: акасы, агәыблаа, аџьаз лагьан, аԥхныга.

Афольклорист Цира Габниаԥҳа лыстатиа "Аԥсуа ҵасқәеи ақьабзқәеи изызкуи ирымҩаԥгашьоуи рзы згәаҭарақәак" аҿы иалырбоит еиуеиԥшым ажәабжьҳәаҩцәа рҟнытә ианылҵаз аԥшаҿаҳәара ахкқәа хԥа рымҩаԥгашьа:

Акасы ала аԥшаҿаҳәара

Аԥша ӷәӷәаны, аҵлақәа еиларгьежьуа, аҩны ахыбқәа ахыжәжәо, амш аҵх еиԥш ирлашьцо, аарыхра хыжәжәо ианасуа, ажәытәан аԥҳәыс цқьа акасы аашьҭыхны аҿаҳәара далагон, абас ҳәо: "Аԥша уҿасҳәоит, аԥша уҿасҳәоит, аԥша уҿасҳәоит" ҳәа, нас даагьежьны абас ацылҵон: "Аԥша тәеит, аԥша тәеит, аԥша тәеит" ҳәа. Иҿалҳәаз акасы ахчы, ма ахчныза иаҵалҵон. Аԥша анеиқәтәалак акасы ԥлыртлон.

Аџьаз лагьан ала аԥшаҿаҳәара

Аԥша ԥшьаала ишасуаз акәымкәа, аҽарӷәӷәо мацара амашәыр ҟанаҵаратәы аҟынӡа аҽанарӷәӷәалак, аџьаз лагьан ԥшааны аԥшаҿаҳәара иалагон. Аџьаз лагьан ҿыцха иаашьҭаҵаны, алаба аанкыла, абас лҳәоит: "Абра уҵаскит! Утәа! Уҽеиқәкы!" ҳәа. Имтәошәа лбар, ллаба аџьаз лагьан ақәцә аҟәаҩ-аҟәаҩҳәа асра далагоит, абасгьы ҳәо: "Ухы ҭысҟьеит! Уааԥсеит! Ухы ҭысҟьеит! Уааԥсеит!" ҳәа.

адыд-амацәыс - Sputnik Аҧсны
"Афы усааит": адыд-амацәыс заахаз рныҳәара

Маҷ-маҷ лыбжьи ллаба ашьҭыбжьи еиҵатәуа абасгьы нацылҵоит: "Уеиқәтәа! Уеиқәтәа! Уеиқәтәа!" Аԥшагьы ишазгәарҭоз ала аҽарҭынчуан.

Аԥхныга ала аԥшаҿаҳәара

Аԥшәмаԥҳәыс лоуп иҟазҵо. Аԥхныга аашьҭыхны, "абас ухьанҭахааит" ҳәа хынтә илҳәоит, нас ахәышҭаара ааигәара џьара ишьҭалҵоит.

Афольклорист Валентин Коӷониа ишәҟәы "Аԥсуаа рҿаԥыцтә поезиа аиҿартәышьа" аҟны иааигоит аԥшьбатәи, аҵыхәтәантәи аԥшаҿаҳәара ахкы "агәыблаа ала аԥшаҿаҳәара" аан ирҳәо ажәақәа:

Агәыблаа ала аԥшаҿаҳәара

Аԥшаӷьы анасуа аԥҳәыс цқьа агәыблаа аашьҭыхны ҿыцха иаарҳәны ишьҭалҵоит. Ианышьҭалҵо: "Аԥша, абра уҵаскит! Аԥша, абра уҵаскит! Аԥша, абра уҵаскит!" ҳәа хынтә илҳәоит. Нас ларгьы ԥшьаала агәыблаа днаватәоит. Дантәалак, "Сара сыштәаз еиԥш уаргьы утәа! Уаргьы утәа! Утәа!" – лҳәоит, лнапы агәыблаа ахы иқәшьуа.

Ажәытә ритуалқәа иреиуоу "аԥшаҿаҳәара" абас имҩаԥыргон. Иахьазы уи атәы здыруа, иҟазҵо атәы маҷӡоуп умҳәозар.  

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0