Аԥсыҭгага: аӡы иашьыз иԥсы аагара аритуал

© Sputnik / Томас ТхайцукКәыдры
Кәыдры - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуаа ртрадициатә культураҟны аԥсра иадҳәалоу ақьабзқәа рацәоуп. Аӡы иашьыз иԥсы шааргоз ақьабз атәы ҳадылгалоит Есма Ҭодуаԥҳа.

Есма Ҭодуаԥҳа, Sputnik

Аԥсы

Аԥсуаа ртрадициатә культураҟны аԥсра иадҳәалоу ақьабзқәа рацәоуп. Иара "аԥсы" иадҳәалоу азхаҵарақәа рышьаҭақәа акыр иҵаулоуп. Ирҳәоит "Аԥсы аҵа аҳәарҭа дыҟоуп, ҳара – амцҳәарҭа" ҳәа. Ари ажәа мацарагьы иунарбоит аԥсуаа нарцәытәи адунеи ишазыҟоу. Аԥсы ианихцәажәогьы ибзиарақәа заҵәык роуп зыӡбахә рҳәо.

Народные обряды - Sputnik Аҧсны
Аԥсра иахыԥаз иныҳәара: адгьыл ахыԥареи асимволикатә ԥсыжреи

Аԥсуа аҩны данындәылҵуаз иҽеилаҳәашьалагьы иудыруан дахьцо: абзиарахь, агәырӷьарахь ицоз икәымжәы иамаз акаламқәа ашкәакәара ааԥшуа иҭаиҵон, аԥсрахьы ицоз – акалам аиқәаҵәа аԥшшәы аҩада ирхон. Зыԥсҭазаара иалҵыз ауаҩы иҭынхаз ҳәа аӡәгьы дыҟамзар, иҩны ашә акызар, убасҟан акәын дыԥсит ҳәа анырҳәоз. Ус акәымзар, "идунеи  иԥсахит" рҳәоит.

Аԥсы ацәырҵра, мамзаргьы аԥсра ааигәахара аԥсабарагьы ианыруеит. Аԥсуаа разгәаҭарақәа рыла, ала ахьуыууа аганахь ԥсрак ҟалоит рҳәоит, иара убас акьыу ҭыԥк аҟны аҿыҭра аныхҭанакуа. Иара убас, аԥсы аҽы иадыруеит рҳәоит. Аҽыхәа дақәтәаны ауаҩы анышәынҭра ааигәара диасуазҭгьы, аҽыхәа ауапа ақәыршәны диасыр акәын, мамзар иҽы аақыџьқыџьуан, икаҳауан, иаргьы дканажьуан.

Ажәҩан - Sputnik Аҧсны
Агәаҟрақәа раанкылара, ма аԥсраҿаҳәара ақьабз

Аԥси абзеи ацҳа па рыбжьоуп уҳәар ауеит. Аԥсы иқә-иҵас ишахәҭоу инаугӡароуп ҳәа азгәарҭоит. Ус акәымкәа, аԥсы иҭыԥ данзықәымла, абзацәа иргәаҟуа, иԥсгьы гәаҟуа иҟалоит. Убри инамаданы машәырла, изаамҭамкәа иҭахаз, иаҳҳәап, ашьха, абахә иалҟьаз иоума, аӡы иагаз иоума, хымԥада амашәыр ахьыҟалаз аҭыԥ аҟынтәи аԥсы аагатәуп ҳәа иԥхьаӡан.

Аԥсыҭгага

Аӡы иагаз ауаҩы иԥсы аагара аритуал аԥсуаа ишымҩаԥыргоз атәы аӡәырҩы аҵарауаа дуқәа, аетнографцәа, аҭоурыхҭҵааҩцәа азааҭгылахьеит. Ари ақьабз ҳаамҭазы шамаха аӡәы иҟаиҵо убом. Иара шымҩаԥыргоз абас еиԥш акәын:

Ауаҩы аӡы дахьагаз ахықә аҟны инеины ашашәа шкәакәа бжьырдон, аҳаҭа ахьнырҳаланы. Аҟәараҿы еизоз ауаа лахьеиқәрак аадырԥшуамызт, аԥсы уршәар ҟалоит ҳәа иԥхьаӡан аҵәыуара-ахьра уалагар. Урҭ раԥхьа дгылан "аԥсыҭгага" азырҳәоз аԥхьарцарҳәаҩы. Иара амелодиагьы ихиааланы ицоз акы акәын, илахҿыхыз ашәакгьы ацҵаны ирҳәон. Абас ашәа ҳәо, ихәмаруа ианалагалак, аҳаҭагьы хәыҷ-хәыҷы ичуан, уажәшьҭа аԥсы ҭалеит ҳәа ргәы ианаанагозгьы, аӡы инҭаланы аҳаҭа ахы ҿарҳәон. Нас иара убасҵәҟьа ашәа ҳәо, аԥхьарца арҳәо, аԥсы анышә дахьамардаз аҭыԥ ахь инеины ижьи-ицәеи иԥсгьы намардон аҳаҭа аҟынтәи иноужьны. Абасала, аӡы иагаз иԥсгьы дырҭынчуан.

Ауаҩы иԥсы аагара ақьабз аҟынтәи ҳаамҭа иазынхаз уи арахәыц шкәакәа иԥсы ахьихыҵыз аҭыԥ аҟынтәи дахьынхо иҩнаҟынӡа аагара ауп, иара уигьы зегьы иҟарҵоит ҳәа иҳазҳәом. Аамҭа аԥсахрақәагьы ҳҵас-қьабзқәа ирнубаалоит.

Убас, аҵыхәтәантәи хәба–жәаба шықәса (иҟалап еиҳазаргьы) иубоит имаҷымкәа аԥсрақәа рҟны апап дааганы зыдунеи зыԥсахыз ауаҩы ашәҟәы данихадырԥхьо (уи инаҭыз иакәызҭгьы). Уи ашәҟәы аԥхьарагьы шымҩаԥысуа урыс бызшәалоуп. Ас еиԥш аритуал уаанӡа аҭыԥ иаманы џьара усумҭак аҟны иазгәарҭо иубом. Аԥсра ақьабзқәа рҟны аԥсы икәабара аритуалгьы иахьатәи ҳаамҭазы иацәхьаҵуа иалагеит. Арҭ ақьабзқәа рыӡрала ҭоурыхтә аамҭак ҳашьҭахьҟа ишаанхо убоит. Аҳәара уадаҩуп аҿыц қьабзқәа иарбан ҭоурыхтә мҩоу ҳазнырҵо атәы…

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0